Авторизация:

Нугзар Логәуа: агәра ганы сыҟоуп алхрақәа ҳаԥхьаҟатәи ҳхьыԥшымра аиқәырхара изҵаара дуны ишыҟоу

Нугзар Логәуа: агәра ганы сыҟоуп алхрақәа ҳаԥхьаҟатәи ҳхьыԥшымра аиқәырхара изҵаара дуны ишыҟоу
21 августа 2019 13:07 17758
Апсадгьыл-инфо, 21 августа 2019 г.  

Асахьаҭыхҩы, ауаажәларратә усзуҩы Нугзар Логәуа Аҧсны алхрақәа раамҭазтәи аҭагылазаашьа иҟоу иазкны «Аҧсадгьыл-инфо» аинтервиу аиҭеит.

Азҵаара: Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа, шәара шәышԥахәаԥшуеи иахьатәи аҭагылазаашьа?

Аҭақ: Ажәакала иуҳәозар, уаҩы игәы каҳартә аҭагылазаашьа ыҟоуп. Амамзаара анаҩсангьы, доуҳала, моральла, зегь рыла. Аҭагылазаашьа ԥсахымзар, ҳшеиқәгәыӷуа, аԥсуа ҳәынҭқарра ҳәа акагь ыҟаӡамкәа наҟ ҳалгоит иаарласны.

Зегь иреицәо, ажәлар аӡәгьы игәра рымго рыԥсы аҟны инеины иахьыҟоу ауп… Иааиуа иҵеуа апринцип ала ҳажәлар рхы изамыхәо, акы рзыҟамҵо иааҭаҳаргылеит. Уи мышкы ала иҟалаз усӡам, аха уажә анапхгараҿ иҟоу аиҳабыра анааи нахыс, аҭагылазаашьа зынӡа еицәахеит. Рааишьа злаҟаз ала, ус иҟамлар акәымзи…

Ажәлар зықәгәыӷуаз, еиҭакра ҳәа акагь рымбеит. Ауаа уаҳа нарылымшо рыԥсы аҟынӡа инеины иҟоуп. «Дад ԥсыхәак анаҳзыжәмыӡба, иаарласны ԥыҭҩык агәамсамҭрақәа ҳарҭалан афатә аԥшаара ҳалагоит» иҳәеит қыҭанхаҩык, тәанчаҩык, ҳаиԥыларақәа руак аҿы. Ари аҩыза уаҩы иаҳахьазма зныкыр аԥсуаа ҳаҩныҵҟа?..

Азҵаара: Ус анакәха, уажәтәи Ахада еиҭа икандидатура ахьықәиргылаз иахышәҳәаауазеи?

Аҭак: Иҟалап иара дахьынхои, шәареи сареи ҳахьынхои аҳәынҭқаррақәа еиԥшымзар? Сыздыруам! Амала, еилкаау акоуп,- рыцҳароуп! Араҟа, ажәлар роуп аус злоу. Алхрақәа иарбанызаалак рылҵшәа аҭакԥхықәра зду ажәлар роуп.

Аха, уажәшьҭа ажәларгьы уи аҩыза агха ҟарымҵароуп. Иҿыхароуп, ихәыцроуп, рԥеипш рыхьчароуп. Иацхраароуп аиҭакра иашақәа згәы иҭоу аполитикцәа анапхгарахь рнагара. Еилыркаароуп, «дшәарҭоуп» ҳәа дыԥхьаӡаны, ахәшә зырҭаз ауаҩы, имацара шиакәым ахәшә зырҭаз. Уи ашҳам аԥсуа жәлар зегьы ишҳарҭаз.

Азҵаара: Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа изыруз акәхап шәызлацәажәо?

Аҭак: Хымԥада! Ари апозициа мацара акәӡам ааха знаҭаз. Ааха роуит аԥсуа жәлар зегьы. Избанзар, арҭ рҩызцәа аусқәа иҵыршәаауеит азинтә ҳәынҭқарра ашьаҭақәа. Иаруашәшәыроит ҳхьыԥшымра азҵаара.

Абраҟа ажәлар зегьы ахьзеидымгылаз, аиаша аԥшаара иахьашьҭамлаз, аԥхьаҟа азы даара ишәарҭоу усны иҟалар алшоит. Зегь реиҳа ишәарҭоу усуп, аҳәынҭқарра Ахада хырҩа ахьазиуз. Ахаҵгылара уаҩҵас иахьаимҭаз. Иара убасгьы, иԥхашьароуп, апарламент аҩныҵҟа депутатцәақәак рхымҩаԥгашьа. Ихьымӡӷуп апрокуратура иҟанаҵаз алаҳәара абри азҵаара аҭҵаараҿы. Абри аҩыза ахымҩаԥгашьазы еимырптәын апарламент. Имаҵура аанижьыр акәын апрезидент. Аха, иабаҟоу уи аҩыза арегламент шьақәзыргыло азакәан?

Азҵаара: Иара апарламент аусура шәышԥахәаԥшуеи?

Аҭақ: Хыхь исҳәеит, еиҭасҳәоит. Адепутатцәа зегь сзеилакуам. Ҳара иаҳбоит шаҟа еиҿагылара ыҟоу хра злоу азҵаара хадақәа рыӡбараан. Аха иҟоуп анапхгара «ҳахьчоит» ҳәа мацара, аиаша изадымгыло ауаа. Урҭ шәарҭоуп.

Иазгәаҭатәуп даҽакгьы. Аҵыхәтәантәи аамҭаз, анагӡаратә мчрақәа рыԥсыҽра гәаҭан, Жәлар реизара ахахьы иаго ишалагаз иара иатәым афункциақәа, анапхгара аганахьала. Ари аҭагылазаашьа еиҭахгьы ишьақәнарӷәӷәоит Аминистрцәа реилазаара аусура даара ишыԥсыҽу. Ажәакала «ахыза» ахара иахьынӡарылшо иаҿуп! Ус иҟамзароуп. Убри азоуп амчрақәа реихшара азҵаара зцәырҵуа.

Убарҭқәа зегь раасҭа, еиҭасҳәахуеит, сара сзын акры аҵанакуеит рколлега, рҩыза Аслан Бжьаниа изыруз ацәгьаура ишахәҭаз ахаҵгылара ахьарымҭаз. Ари иаҳәо рацәоуп.

Азҵаара: Урҭ ацәгьаурақәа ҳполитикцәа рганахь ала «итрадициатәхо» иалагеит, избан ус изыҟалаз?

Аҭак: Аԥсуа жәлар ирхырымгац егьыҟам. Аамҭа уадаҩӡақәа ирылсны иахьанӡа рхы еиқәырхо иааиуеит. Нестор Лакоба Қарҭ дганы ахәшә иҭан дыршьит. Аха, уи дызшьыз ҳаӷацәа ракәын. Урҭ зусҭцәо бзиан ирдыруеит ҳажәлар. Аха иахьа, дарбану ҳполитикатә лидерцәа зшьуа?! Дызусҭада ҳаӷа? Ҳхәыцырц ҳахәҭаӡами?

Еилкаам ҭагылазаашьала иаалырҟьан ипсҭазаара далҵит Аԥсны Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багапшь. Аӡәыр уи иҟалаз аҭҵаара напы аиркыма? Оумак ҟамлазшәа, ажәак ахымҳәааӡакәа, изакәызаалак експертизак ҟамҵаӡакәа, днаган анышә даҳҭеит. Ари хпатуқәҵароума?

Хәынтә инареиҳаны бџьарла еиқәных иқәлахьеит аполитик, аекс-президент Алеқсандр Анқәаб. Урҭ ацәгьаурақәа ҟазҵаз ҳәа џьоукы рыԥшаашәа ҟарҵан, иҭаку ыҟоуп, иаурышьҭыз ыҟоуп. Аха, ишырҳәо еиԥш «азаказ» ҟазҵаз аӡәыр дидыруама?

Иара уаанӡа иҟалахьақәаз ауаҩшьрақәа, жәлантәыла ақәибахрақәа, урҭ зыхҟьода? Дызхыршьааи   Акакәбаа ҷкәын? Иури Воронов? Изхыршьааи Зураб Ачба, Гарри Аиба, Ака Арӡынба уҳәа, убас… Изакәытә чымазарои изцәырҵыз Владислав Арӡынба?!

Убарҭ рҭакқәа рыԥшаара ҳҽахьазаҳамшәо ауп, урҭ ацәгьоурақәа «рытрадициа» иахьагьы иацҵо ҳзааиуа. Агәра ганы ҳаҟоума уаҵәы уи иаҩызо даҽа хҭыск шыҟамло? Иҟазҵода абарҭқәа зегь рҭак? Изыхәҭада?

Азҵаара: Иахьатәи алхрақәа иашан ицап шәгәахәуама?

Аҭақ: Алхрақәа рахь анеира мызқәак шрыгыз ари аҩыза ахҭыс бааԥс ҟалазар, сара сацәшәоит ҳаԥхьаҟа ишьҭоу аус. Ари аҩыза ҟазҵаз, еицәоу шыҟаимҵо жәдыруама? Абра зегь агәҽанызаара ҳамазароуп.

Азҵаара: Ишԥаҟоу ҳҳәынҭқарра ареитинг иахьа?

Аҭак: Иахьа аҩныҵҟагь адәахьгьы убри аҟара ҳҳәынҭқарра ареитинг лаҟәуп, уи шьҭыхшьас иамоу атәы аҳәара даара иуадаҩуп. Иҟаӡам хырхарҭак ҳпозициа ахьыбзиоу. Ҳагәрагара рцәыӡит хыхь Кавказ иқәынхо ҳаиашьаратә республикақәа. Урҭ ирзеилымкааит ҳарҭ аԥсуаа хықәкыс иҳамоу, ҳазну амҩа заку. Зегь реиҳа ишәарҭоу, ҳара ҳхатәы политика амчра ахьыԥсыҽхаз ауп. Даҽакала иуҳәозар, мыцхәы ҳхьыԥшны ҳахьыҟалаз. Еиҳарак 2014 шықәса раахыс. Усҟан иҟалаз ахҭыс макьана иҵегь анырра ҳнаҭалоит аԥхьаҟа. Иҟалап, уи знапы алакыз иҟарҵаз закәу дара рхаҭақәагьы макьана ирзеилымкаауазар. Аха, ԥыҭҩык еилызкааз, уажә апозициа иадгылоуп…

Азҵаара: Шәара шгәанала алҵшьас иҟоузеи абри аҩыза аҭагылазаашьа?

Аҭақ: Ажәлар ирҭахызар аиҭакрақәа рахь рхы дырхоит. Ирҭахымзар зегь шыҟоу иаанрыжьуеит. Аха сара агәра ганы сыҟоуп, ҳҳәынҭқарраҿ абыржәы имҩаԥысуа алхрақәа, ҳаԥхьаҟатәи ҳхьыԥшымра аиқәырхара иазҵаара дуны ишыҟоу. Ажәлар зегьы уи еилкааны иахьынӡарымоу атәы сызшәаҳәом.

Азҵаара: Абри ахьыԥшымра азҵаара изныкымкәа шәалацжәахьеит шәықәгыларақәараҿ, избан ус ишәарҭан иҟоума?

Аҭак: Ахьыԥшымра есымша уахӡыӡаауазароуп, уи аншәарҭам ҳәа ҟалаӡом. Аха ҳарҭ уаԥсҵәык ада иҟам ажәлар, ари аҩыза аҭагылазаашьа анцәа ианҳаиҭа, еиҳагьы ҳахӡыӡааларуп. Шәазхәыци ари аҩыза аҭагылазаашьа ҟаларцаз, шаҟа абиԥара рхы ақәырҵаз. Насгьы, ҳара макьана цқьа инагӡаны иазхаҵам аҳәынҭқаррақәа рахь ҳаԥхьаӡоуп. Адунеиаҿ ҳазҭаху раасҭа, жәантә рыла еиҳауп ҳазҭахым. Ус анакәха, ҳара еиҳагьы ҳшәарҭоуп.

Абри аҩыза аҭагылазаашьа дырны, иҳадыргало «ачыс» мҟаҟаӡакәа илбааҳамдалароуп.   Иаҳдыруазароуп аҭыԥаз аҳәынҭқарра аусқәа хзырбгало ақьаадқәа рнапы аҵаҩра шыҟамло. Егьа уиҭахушәа ҟаиҵозаргьы, егьахкрыла агызмалрақәа уҵаигалозаргьы, уаԥхьа игылоу атәымуаҩ ииҳәо хаҵаны ужәлар умҭиироуп. Убас ҟаҳамҵазтгьы иҟалаӡомызт 2014 шықәса рзы иҟалаз ахҭысқәа. Иҵегь еицәоу ахҭысқәа ҟаларгьы ауеит аԥхьаҟа. Убри ауп сара изхысҳәаауа.

Азҵаара: Ауажәларратә-политикатә еиҿкаарақәа, апартиақәа рроль акагь аанамгаӡои?

Аҭак: Ауажәларратә-политикатә еиҿкаарақәеи апартиақәеи инарыгӡоу ароль маҷӡам. Аха урҭ макьана цқьа имшәӡац. Ажәлар зегь урҭ рроль еилкааны иадгылоуп ҳҳәар ҳиашахом. Ҳажәлар рӷьырак макьана еиҳа «рхы иақәиҭуп». Аполитикатә культура ҿыц инагӡаны иацныҟәартә иҟам. Иҭышәынтәалам. Убри азоуп, иахьа ара иубо, уаҵәы даҽаџьара дубар залшо. Егьа ус иҟазаргьы, уажәшьҭа урҭ роуп ихадоу аполитикатә хырхарҭа иацхраауа.

Азҵаара: Аҳәынҭқарра уасхырс изықәыргылатәу арбану, сара сызҿу аԥсуа ҳәынҭқарра ауп?

Аҭак: Аԥсуа ҳәынҭқарра, аԥсуара шьаҭас иамазароуп. Даҽа философиак ара иаҭахӡам. Уи азинқәа зегьы ирзинзароуп. Мамзар, уи аԥсуа ҳәынҭқаррахаӡом. Азакәан, амораль, азин, арҭ ихадаӡоу апостулатқәа зегь рҭыԥаҿ инеиуит ҳҿар убри рылаҳааӡо ҳалагар. Ааӡара, абри ауп иахьа зегь раҵкьыс иҳагу. Ауаа мааӡаӡакәа аԥсуа ҳәынҭқарра ҳзыҟаҵару?

Азҵаара: Ааӡара ҳәа шәара шәызҿу ашколқәа роума, мамзаргьы иҵегь инарҭбаан шәахәаԥшуоу?

Аҭак: Ҳәара аҭахума, ари азҵаара амҽхак акыр иҭбаауп. Шәрыхәаԥши, ауаа амла иакуа рацәаҩхеит. Рхәыҷқәа ашколахь ирзышьҭӡом. Аибашьра «аинвалидцәа» рхы иацәыхашьо аҟынӡа инаҳгеит. Аҵарауаа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа «шәхы шәахә», ара ҳазшәыхәаӡом ҳҳәан, «ахахәара» иаҿуп, изакәызаалак ҳәынҭқарра цхыраарак ыҟаӡамкәа.

Ашколқәа рҿы аус зуа арҵаҩцәа «арепетиторра» иалагеит уаҳа ԥсыхәа анырмоу. Иара ахәыҷқәагьы «репетиторда» ашкол иалган џьаргьы изҭалаӡом!

Аԥсуа университет адәахьала уахәаԥшыр, уеигәырӷьап, аха аҩныҵҟа иахьатәи аамҭа иақәнагоу мыругала зынӡа еиқәыршәаӡам. Ажәытә еиԥш, ахәыҷқәа напышьашәала аҵара дҳарҵоит ҳәа ҳаҿуп. Ас ала иаарласны ԥхьаҟа ҳазцаӡом.

Абарҭқәа зегьы аилкаара адагьы, аморальтә ҟазшьа рымазароуп. Аҳәынҭқарра иарбанызаалак уи ада изыҟалаӡом. Моральс имои аԥсуа ҵеицәа рыхәдақәа хыҵәҵәаны иказыпсоз, атеррорист Лукава абахҭа аҟынтәи даузыжьыз ауаҩы. Уи ҳара ҳуниверситет дакураторуп. Изакәытә моральтә зинуи имоу уи аҿар рааӡарҭа, иԥшьоу аҭыԥ - ауниверситет «кураторс» дахьамоу? Уи ҟазҵаз, анажьра иауран дыҟаӡам ахаангьы. Иара иеиԥш, убри аус аиҿкаара иацхраауаз, иадгылаз, анаҩсан «Ахада аконституциа еилеимгаӡеит» зҳәазгьы убрахь иналаҵан, зегь азакәани ажәлари рҿапхьа аҭакԥхықәра рыдуп.

Шәара шәахәаԥши Кыргызсҭан аекс-президент Алмазбек Атамбаев дахьыҟоу уажәы! Ижәдыруама уи ахара идрыԥхьаӡало заку? Абахҭа иҭакыз аӷьыч «авторитет» дахьауишьҭыз ауп. Ҳара ишԥаҟаҳҵеи? Атеррорист даушьҭны, днаскьаган дауҳашьҭит, Аконституциа «еилаҳамгаӡеит» ҳәа...Уи иаҳәо агуманизмра ахьчара аума? Ҳәарас иаҭахузеи, мап!

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиҭа «иҿкны» иҟалеит ауаа рӷьычрақәа. Иҟазҵода, изусҭцәада, бӷас ирымоу арбану? Зегьы ирдыруеит ас еиԥш иҟоу ацәгьаурақәа ахархь уаа ишрылымшо. Аанкылашьас иамоузеи ари? Аҵыхәа ԥҵәашьас иамоузеи?

Ауаҩы дӷьычны ихә ыҵызхуа, Аԥсны хәыҷы рыԥшаара шаҟа иуадаҩхазеи?! Уи иаҳәоу акоуп - амчратә хылаԥшрақәеи акриминали рышьхәа еивҵоуп. Ари аҩыза аҭагылазаашьа ҳанышәар ҟалаӡом. Ажәлар абри гәынхәҵысҭала акәзаргь еилыркаароуп.

Ажәлар жәларны иҟазҵо уи аибаркра зырӷәӷәо ауасхырқәа ируаку, абызшәеи, аҵаси, ақьабзқәеи роуп. Абри рдыруазароуп ахадарахьы ицо акандидатцәа зегьы.

Ажәлар ршьырц анырҭаху, рыхшыҩ аҭра иҭырҟьаны, ирхадыршҭуа, ирымырхуа зегь раԥхьаӡа игылоуп абызшәа, нас уи иацназго аморальтә, аетикатә ҟазшьа змоу ақьабзқәа, аҵасқәа. Убрантә ауп иахьынтәалагоу аҳәынҭқарра ашьаҭақәа рыҵшәаара.

Азҵаара: Нас ишԥаҟоу уи аганахь ала иахьа ҳара ҳмилаҭ рҭагылазаашьа? Изакузеи ҳара абри ахақәиҭра ҳәа ҳазҿу, иаанагоузеи, иаҳнаҭоузеи ахьыԥшымра?

Аҭак: Ахьыԥшымра ажәлар изырҭаху, атәра иаҵыҵны рмилаҭ еиқәдырхарц азоуп. Ҳара атәра ҳаҵыҵит, аха ҳмилаҭ рҭархара ҳнапала ҳаҿуп. Шәахәапш, ҳбызшәа, ҳқьабз, ҳҟазшьа, ҳхымҩапгашьа. Иазышьҭыхыма ҳахдырра ари «ахақәиҭра ду иҳамоу» иахьа? Мамзаргьы илаҟәу? Аҭаказ, хара ацара аҭахӡам. Акырӡа илаҟәит. Иарбан хдырроу ишьҭаҳхуа, ҳажәлар зынӡак аԥсышәала ахәыцра иаҟәыҵхьазар. Ҳаҩны ҳшыҟаз ҳбызшәа тәымуаҩхазар. Аҿар рыбжьара аԥсшәа аӡәы иҿыҵҟьар, хыччарҭас дыркуазар. Еилатәарак инагӡаны аԥсышәала иаҳзымҩаԥымгозар. Нас абри аума аԥсҭазаара аиӷьтәра ҳәа изҿу?!..

Аԥсуа ҳәынҭқарра, аԥсуа етнос аиқәырхара еиҳау даҽа зҵаарак аҿаԥхьа иқәгылаӡам. Абри аидеиа иадымгыло дарбанызаалак аҳәынҭқарра иаҵанакуа амаҵурақәа рахь инашьҭтәӡам. Иахьа амаҵурақәа зегь рахь инагатәуп аԥсуа патриотцәа. Аҿар, абжьаратәқәа, аиҳабацәа, зыԥсадгьылаз згәы азыбылуа, знапы цқьоу ауаа. Избанзар, бжьааԥнык иеиԥшымкәа, хыхь-хыхьла иаҳамбоу шәарҭарак ҳхықәгылоушәа збоит.

Иԥсахтәуп аҳәынҭқарратә знеишьа аформат. Шьаҭанкыла ирнахатәуп Асовет система ахаан КГБ иааӡаз ауаа аҳәынҭқарра аусқәа изрыламхәуа. Урҭ ҳархьыԥшнаҵы, еиҿкаау акы ҟалараны иҟаӡам. Урҭ рзанааҭ, ауаа еибарфан – дара рыфеида алгароуп изызку.

Азҵаара: Иҳалшарыма нас ас еиԥш иҟоу аусқәа реиҿкаара?

Аҭак: Иҳалшоит, хьаҳәхьачарада аус адулара ҳзалагар. Аҵара бзиа ҵаны иааиҵагылаз ҳҿар амҩа ҳазрыҭар, ргәы ҳазҭыгар. Урҭ ҿатәуаауп, ирылшап сгәахәуеит аҳәынҭқарра ҿыц ишақәнагоу амаҵ аура.




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений