Авторизация:

Оҭар Лакрба "Аҧсны жәлар ракзаара Афорум" аҳәамҭа аҭак ҟаиҵеит

Оҭар Лакрба "Аҧсны жәлар ракзаара Афорум" аҳәамҭа аҭак ҟаиҵеит
23 февраля 2020 15:23 8771
Апсадгьыл-инфо, 23 февраля 2020 г.  

"Аҧсны жәлар ракзаара Афорум" феврал 21 азы Аҧсуа телехәаҧшраҿы аоппозициатә мчрақәа ацензор днарышьҭит ҳәа иҟарҵаз аҳәамҭа Оҭар Лакрба аҭак ҟаиҵеит.

 

«Аполитикатә партиа "Аҧсны жәлар ракзаара Афорум" аҳәамҭа аҭак.

Ҳаҭыр зқу аҩызцәа! Жәабран 21 рзы иҟашәҵаз аҳәамҭаҿы иқәшәыргылаз азҵаарақәа зегь рҭак ҟасҵом, уи иалацәажәаша ауаа ыҟоуп, иахәҭаны ирҧхьаӡозар, урҭгьы ргәаанагара шәаҳап.

Ажәақәак сҳәар цәгьам Аҧсуа телехәаҧшра алахьынҵа "шәахӡыӡааны" шәахьалацәажәо ахәҭазы. Аагәатәи ателехәаҧшратә программақәа руак аҿы иаҳҳәеит, егьырҭ акьыҧхьымҭақәа рҿгьы ирҳәахьеит ателерадиоеилахәырахь сынашьҭра иаҵаз амзызқәа ртәы. Уи еилызкаахьоу шыҟоу еиҧш, иззеилымкаацгьы шәзы еиҭаҳҳәоаҧсуаит. Ианартәи ахҭысқәа анымҩаҧысуаз телехәаҧшра аинформациатә дырраҭарақәа ателехәаҧшцәа рызнагашьа зеиҧшраз згәамҧхоз ҳаауажәларратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа аҳәара сырҭеит иауаны иҟалозар, хәышықәса раҧхьа ателехәаҧшраҿы иҟаз ахҭысқәа еиҭаҟамларцаз аицәажәара мҩаҧызгарц.

Ателерадиоеилахәыра анапхгареи ҳареи ҳаиқәшәара иалҵшәаны иазыӡбан аинформациатә ҭыжьымҭақәа разырхиараан аполитикатә процессқәа ирылаху аганқәа зегьы еиҟароу азинқәеи агәаанагарақәеи роуртә еиҧш аҭагылазаашьа аҧҵараҿы ацхыраара аҟаҵара. Алҵшәа,- хәышықәса уажәаҧхьеиҧш аӡәгьы дҳақәлаӡом, жәаҩы-жәаҩыла ижәыланы усҟан еиҧш иаҳарбаша иаҳмырбаша аӡәгьы иҳадиҵаӡом, усҟан еиҧш, анҭыҵтәи аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа аефир ахь иаҳашьҭыша адырраҭарақәа рсиа иахьа аӡәгьы адиректор хада истол иқәиршәӡом, усҟан еиҧш ателерадиожурналистикахь усс змамыз ацензорцәеи, анадзирателцәеи иахьа арахь уаҩ дыҟам.

Ианар 23 инаркны аилахәыра аштат сахыҧхьаӡалоуп, убри аҟнытә, ажәақәа "ацензор", "анадзиратель" сара исыдҷаблаӡом. Шәмаашьакәа шәнеины аколлектив шәразҵаа "анадзиратель" иусура зҧырхагоу аӡәыр шәыҟоума ҳәа.

Уи аҵкьыс, шәаалаган ҽнак екскурсиак аҳасаб ала ателерадиоеилахәыра шәаҭаа, хәышықәсатәи шәусура иалҵшәаны ҳзыҩноу ахыбра аҭагылазаашьа ахьынӡанажәгаз шәыла иабар ҳҭахәуп.

Ҵыҧхтәи алхрақәеи абетонҭарҭәареи ирықәшәыжьыз аҧарақәа рыхәҭаҷ хәҷык ателехәаҧшрахьы ишәышьҭызҭгьы, иахьа ҳамшәа-ҳмырҳа ҳжурналистцәа еилаҳахьоу автотранспорт иақәыртәаны руалҧшьа анагӡарахь иҳашьҭуа изыҟаларымызт. Шәаҳзааи, ишәҳарбаша рацәоуп, ишәаҳашагьы. Ҳаҭыр зқу аҩызцәа, ҳаҭыр зқу жәлар ракзаара Афорум анапхгара, иацтәи амш ахәшьара амҭакәа иахьатәи аамҭа ахәшьара аҭара шыуадаҩу анеилкаатәу аамҭа ҳҭагылоуп. Убас ҟан ауп ажәлар ҳанеилыркаауа.

Оҭар Лакрба,

22.02.2020 ш.»




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений