Аҧсадгьыл-инфо, 29 2018 ш.
Аҧсуа шьапылампыл асцәа Урыстәылатәи ачемпионат аҿы ихәмарразы алшара роуеит
Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 29 2018 ш. Москва, акомандақәа реиҳабацәа реиҧылараҿы аҟәатәи «Динамои» москватәи «Олимпи» русеицуразы еиқәшаҳаҭхеит.
«Ҳара аплан дуқәа ҳамоуп. Иааиуа амшқәа рзы аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит. Уи иабзоураны аперспектива змоу ҳшьапылампыл асцәа Урыстәылатәи ачемпионат аҿы рхы аадырҧшырц алшара роуеит», - иҳәеит аҟәатәи «Динамо» апрезидент Асҭамыр Адлеиба.
Москватәи ашьапылампылтә клуб «Олимп» еиҿкаан 2018 ш. рзы. Ахҧатәи адивизион иачемпионуп (Москватәи аобласт азона, агәыҧ Б). Ахҧатәи адивизион акомандақәа рыбжьара Урыстәыла акубок агеит.