Авторизация:

АК «Нарт»: Ҳааҧшып, ауаа рычҳара хыҵаанӡа

АК «Нарт»:  Ҳааҧшып, ауаа рычҳара хыҵаанӡа
26 августа 2018 13:04 1834
Аҧсадгьыл-инфо, 26 2018 ш.  

Ашьапылампыл азы Аҧсны акубок агаразы 25- тәи ахәмаррақәа ирылагаран иҟан август 20 рзы.

Аҧсадгьыл-инфо, август 26 2018 ш. Аҟәатәи «Нарҭ» Феисбук адаҟьаҿы иаанацҳауеит Ашьапылампылтә федерациа апрезидент Џьума Кәарацхьелиа Аҧсны акубок агаразы ахәмаррақәа сентиабр ахь ишиагахо азы акомандақәа реиҳабацәа шрылеиҳәаз. 26-тәи Аҧсны ачемпионат акәзар, иалагараны иҟоуп октиабр азы.

«Нарҭ» иаанацҳауеит иааиуа ачемпионат аҿы ф-командак шракуу иқәгыларан иҟоу – Аҟәатәи акомандақәа «Нарҭи» «Динамои», гудоуҭатәи «Риҵа», галтәи «Самырзаҟан», «Гагра», «Афон».

«Макьаназ иҵәаху информациоуп ахәыҷқәа рыбжьара аҧхьахә агаразы аицлабрақәа ҟалоу иҟамлоу. Макьана уи азы акагьы рҳәом аҭакҧхықәра зду аусбарҭақәа - Аҵарадырра аминистрра, Абҩарҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы, Ашьапылампылтә федерациа. Ҳааҧшып, еиҵагылоу аҿар рзы ихәыцуа ауаа рычҳара хыҵаанӡа», - ҳәа аҳәоит «Нарҭ» иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.

Убри аан акоманда ашьапылампылтә сезон ҿыц аҽазыҟаҵара иаҿуп.

Август 25 рзы астадион «Динамо» аҿы ирыдыркылеит галтәи «Самырзаҟан», иагьыриааит 3:0 ҳәа. Ҩ-мпылк ҭаиршәит Алан Кәыҵниа, мпылк Шабаҭ Логәуа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений