Август 8 рҽны Аҟәатәи астадион «Динамо» аҿы Аҧсни Нигериеи еизгоу ақәыҧшцәа ркомандақәа реиҧылара мҩаҧгахоит.
Аҧсадгьыл-инфо, август 3 2018 ш. Аҧсны еизгоу акоманда ҩымшуп аҽазыҟаҵарақәа ирҿуижьҭеи.
Акоманда азыҟаҵаҩ хада Беслан Аџьынџьал имоу аинформациа ала, Урыстәыла имҩаҧгаз адунеи ачемпионат иалахәыз Нигериа амилаҭтә команда иацны иааит еизгоу аҿар ркомандагьы. Дара Урыстәыла ақалақьақәа рҿы аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.
«Калинингради, Санкт-Петербурги, Москвеи ахәмаррақәа мҩаҧыргахьеит. Уажәы Шәача иҟоуп. Дареи ҳареи ҳаиҧылаанӡа уа имҩаҧыргоит даҽа хәмаррак. Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылеит аицыхәмарра анҳадыргала», - иҳәеит Беслан Аџьынџьал.
Нигериатәи акоманда Аҧсныҟа иаауеит август 6 рзы. Адрҩаҽны аҽазыҟаҵара мҩаҧыргоит.
Аҧсни Нигериеи ркомандақәа анеиҧыло аҽны ашьапылампыл абзиабаҩцәа атрибунақәа дырҭәып ҳәа дақәгәыӷуеит Аҧсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ.
«Ҳара ас еиҧш иҟоу ахәмаррақәа есымша имҩаҧаагом. Ибзиан ашьапылампыл бзиа избо атрибунақәа дырҭәыр», - иҳәеит Беслан Аџьынџьал.