Авторизация:

Ирӷьычыз Урыстәылатәи амиллиардер изы аҧара рҭахуп

Ирӷьычыз Урыстәылатәи амиллиардер изы аҧара рҭахуп
19 июля 2018 17:24 2273
Аҧсадгьыл-инфо, 19 2018 ш.  

Иахьа, Апрокуратура хада, иун 20 2018 ш. рзы Афон Ҿыц ақалақь аҟны аҭыҧ змаз Урыстәыла атәылауаҩ Михаил Иаковлев иӷьычра азы аинформациа ҟанаҵеит.

«Иун 20 2018 ш. рзы, 02 сааҭки 30 минуҭи шыҟаз еиҧш, Лакоба ихьӡ зху 14-тәи амҩаду аҿы игылоу Афонтәи асасааирҭа «AFON REZORT» бџьарла еибыҭаз ауаа ақәлеит. Асасааирҭа администратори ахьчаҩцәеи уадак иҩнакны, апрель аахиижьҭеи Урыстәыла атәылауаҩ Михаил Иаковлев дахьынхоз 204 –тәи аномер ахь ихалеит. Ашә ҧҽны иҩналан, дыҩныганы дыргеит», – ҳәа аҳәоит Апрокуратура апресс-маҵзура аацҳамҭаҿы.

Аоперативтә-усҭҵааратә гәыҧ аҭыҧ аҿы агәаҭарақәа мҩаҧнагеит. Ауадаҿы ҧшшәыла ашьа еиҧшу ашьҭа рбеит, убас аҵәахырҭаҿы ирбеит аҧара рацәа.

Апрокуратура асаит аҿы убас иаарыцҳауеит иул 12 рзы Иаковлев иҧҳәыс ишлыҿцәажәаз. Лара лыҧшәма иҟынтәи илызнаргаз ақьаад аусҭҵаара иаҿу ирылҭеит. Уаҟа лыҧшәма доурышьҭырц азы 200 миллион аҧара лырхиарц дышлыҳәо атәы аҳәоит.

Уажәазы ирӷьычыз дахьыҟоу аилкааразы аоперативтә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧыргоит.

«Петербургтәи аусдкылаҩцәа рыбжьара Михаил Иаковлев даара ирдыруа бизнесменуп.1994 ш. рзы иара инвестициатә фондқәа рыла ирҳаз аҧарала иааихәеит, уажәгьи иара иитәу «Полиграфоформление». Азауад адунеи аҿы еицырдыруа абрендқәа рзы аетикеткақәа ҭнажьуеит. Убас амиллиардер Кировтәи азауад акциақәа х-процентк иара итәуп. 2013 ш. рзы иара Кыргызстан аиҳабыра Интерпол ала жәларбжьаратәи аҧшаара дарҭеит. Иаковлев идрыҧхьаӡалоит ақәыларақәа рымҩаҧгара, изакәанымкәа аҩнқәа ихаттәра», - ҳәа аанацҳауеит «Комсомольскаиа правда – Санкт-Петербург». 

Иун 20 2018 ш. рзы Гәдоуҭа араион апрокуратура Урыстәыла атәылауаҩ Михаил Николаи-иҧа Иаковлев иӷьычра инамаданы ашьауӷатә ус хацнаркит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений