Авторизация:

Алада арратә округ аруаа Аҧсны ашьхақәа рҿы аимадара ҿыц рхы иадырхәеит

Алада арратә округ аруаа Аҧсны ашьхақәа рҿы аимадара ҿыц рхы иадырхәеит
9 октября 2018 15:59 1797
Аҧсадгьыл-инфо, 9 2018 ш.  

Аруаа амашьынақәеи аимадара акомплексқәа рхархәареи рзы 200 иреиҳаны анормативқәа нарыгӡеит, аус адырулеит аимадара ахкқәа зегьы.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 9 2018 ш. Алада арратә округ аруаа Аҧсны ашьхақәа рҿы аимадара ҿыцқәа рхы иадырхәеит. Абри атәы РИА Новости ахь иааицҳаит ААО апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

«Алада арратә округ аруаа хымчыбжь Аҧсны иҟоу аполигон Ҵабал имҩаҧысуаз аҽазыҟаҵарақәа рҿы ашьхаҿы аимадара ҿыц еиуеиҧшым адиапозонтә цәқәырҧақәа рҿы ахархәара ҧыршәеит»,- аҳәоит апресс-маҵзура аҳәамҭаҿы.

Вадим Астафиев иазгәеиҭеит аҧышәарақәа зегьы имариамыз аҭагылазаашьақәа рҿы ишымҩаҧгаз.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык арратә база аруаа, рхы иадырхәеит 100 арратә техника ҷыда, урҭ рахьынтә арадиолинеитә станциақәа Р-419 «Л», аспутниктә еимадара апортативтә станциақәа «Белозиор», БТР-80 абаза ала иҟаҵоу акомандатә-штабтә машьынақәа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений