Авторизация:

Ҭырқәтәыла, Қьефқьен ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧ аҟны иаадыртит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазку абаҟа

Ҭырқәтәыла, Қьефқьен ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧ аҟны иаадыртит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазку абаҟа
фото: Repatriation Repatriation
22 мая 2023 10:55 674
Аҧсадгьыл-инфо, 22 2023 ш.  Есышықәсеиҧш сынтәагьы, лаҵарамза 21 рзы, Ҭырқәтәыла, Қьефқьен ҳәа иахьшьҭоу аҭыҧ аҟны, Амшын Еиқәа аҧшаҳәаҟны, имҩаҧысит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш. Араҟа, иаадыртит Елиф Қьецҧҳа лыхьӡала абаҟа.

Амонумент аура ааметрак ыҟоуп, акапан хә-тоннак, абаҟа апиедестал ҩ-метрак инаӡоит. Ҳажәлар рыхәҭа дук ахьықәынҵәаз ари амшын аҧшаҳәаҟны ирацәоуп хәыҷи-дуи рыҧсыжырҭақәа, ҳџьынџьуаа хеиқәырхагас ирымаз аҳаҧқәа. Алақмар ҳәо анышәынҭрақәа ирыххалаз Елиф Қьецҧҳа, аҭырқәа сулҭан лхабар аниаҳа, дрыцҳаишьеит, аҭыҧ аанлыжьырц лзыицҳаит. "Аҵәыуара иашьцылахьоу, аччара агьама закәу изеилкаауам...",- лҳәеит агәырҩа цәгьа иафахьаз Елиф аҭакс.

Аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны адунеи атәылақәа жәпакы ирыланхо Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа рлахьынҵа акырӡа угәы ҭнашьаауеит. Аамҭақәа ирылыҩны урҭ ргәынқьбжьы ҳара ҳҟынӡа иааӡозар ҟалап. Наунагӡа ргәалашәара ҳацуп!

Аҧсуа Федерациа иҟанаҵаз ааҧхьарала, Қьефқьен имҩаҧысуа абаҟа аартра иалахәуп Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа напхгара зиҭо аделегациа. Иара убас ауснагӡатә рҽалалырхәит Аҧснытәи ателерадиоеилахәыра ахантәаҩы Ирина Агрҧҳа.
Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений