Аҧсадгьыл-инфо, 3 2018 ш.
Урыстәылатәи арратә корреспондент Семион Пегов иқәлеит Донецкнтәи ишиашоу ицо аефир ахь данцәырҵуаз аамҭазы.
Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 3 2018 ш. Аинцидент ҟалеит ажурналист Актәи аканал ала Донецк иҟоу аҭагылазаашьа даналацәажәоз, аанацҳауеит ТАСС.
Идырым аӡәы акорреспондент дааникылан, акадр аҟынтәи дҭигеит. Уи иқәлаз иаразнак акорреспондент ицыз дааныркылеит.
«Зегь бзиоуп. Ари зыхшыҩ зхаҿы иҟам ауаҩы ипровокациа ауп», - иҳәеит Семион Пегов.
Семион Пегов шықәсқәак раҧхьа Аҧсны аус иуан, ателеканал «Абаза-ТВ» корреспондентс дыҟан.