Авторизация:

Аҟәа ачараҿы ҩыџьа ахәра роуит

Аҟәа ачараҿы ҩыџьа ахәра роуит
22 сентября 2018 20:52 9652
Аҧсадгьыл-инфо, 22 2018 ш.  

Сентиабр 22 абанкеттә зал «Абырлаш» аҟны иҟаз ахысра иахҟьаны ачара асасцәа ҩыџьа ахәра роуит.

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 22 2018 ш. 19 сааҭи 40 минуҭи рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҷаҧшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит абанкеттә зал «Абырлаш» аҟны ачара анцоз аамҭазы ахысра аҭыҧ шамаз. Уи иахҟьаны ҩыџьа ахәра роуит, аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Ареспубликатә хәышәтәырҭахьы ахәра рыманы инаргеит 1980 ш. рзы ииз аӡӷаби, 60 ш. зхыҵуа ахаҵеи. Уажәтәи аамҭазы аоперациа иаҿуп. Апресс-маҵзура иамоу аинформациа ала, урҭ рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылаӡам.

Ахысра ахьыҟалаз аҭҵааратә-оперативтә гәыҧ аус ауеит. Имҩаҧгаз аоперативтә усқәа ирлыҵшәаны ахқәеи агильзақәеи ҧшаан, деилкаан ахысра ҟазҵаз. Уажәазы аоперативтә-ҧшааратә усурақәа мҩаҧысуеит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений