Авторизация:

Аҧсны ААР 2021 шықәса, актәи акварталазтәи аусура аихшьаалақәа ҟаҵан имҩаҧгаз аилатәараҿы

Аҧсны ААР 2021 шықәса, актәи акварталазтәи аусура аихшьаалақәа ҟаҵан имҩаҧгаз аилатәараҿы
15 апреля 2021 14:21 2739
Аҧсадгьыл-инфо, 15 2021 ш.  

ААР аминистр Дмитри Дбар аихшьаала-аплантә еилацәажәара мҩаҧигеит ахылаҧшырҭақәа рнапхгаҩцәа, аминистрра аппарат хада аиҟәшақәа, ақалақьқәеи араионқәеи рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыҟәшақәа реиҳабацәеи алархәны.

Зыӡбахә ҳәоу аамҭахәҭазы ААР аиҟәшақәа русура алҵшәақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит ААР аштаб аиҳабы Даур Ажьиба.

Астатистика инақәыршәаны, иҳаҩсыз хымз ирылагӡаны Ареспублика аҟны ашәҟәы иҭагалан 197 цәгьоура, азеиҧш шьаустә хырхарҭа змаз, урҭ рахьтә 160 цәгьоура оперативла иаарҧшын, аарҧшратә хыҧхьаӡара ишьақәнаргылоит 81.2%. 2020 шықәса, аиҧш-зеиҧшыз аамҭахәҭазы ацәгьурақәа раарҧшра 64.9% шьақәнаргылеит аҭыҧ змаз 151 цәгьоура рахьтә. Ас-еиҧш аихьӡарақәа зыбзоуроу, изакәанымкәа ахымцабџьари аџьаҧҳани, иара убасгьы арҩышьыгатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәа реикәыршара иазырхаз ацәгьоурақәа рфактқәа раарҧшра аганахьала ирҕәҕәаз аоперативтә-ҧшааратә усмҩаҧгатәқәа роуп, ари ахырхарҭаҟны еиуеиҧшым акатегориақәа ирыҵаркуа ацәгьоурақәа 69 факт шьақәыргылан.

ААР аминистр актәи ихаҭыҧуаҩы, амилициа аоперативтә блок иахылаҧшуа Руслан Аџьба, ақалақьқәеи араионқәеи рҟны акриминогеннтә ҭагылазаашьа аихшьаалақәа ҟаиҵеит, убри аан дазааҭгылеит ацәгьоурақәа раҧырҟәҟәаара, насгьы урҭ рыҟамларазы аҵакырадгьылқәа рҟны ахархәара змоу аметодқәа ртәы.

Дмитри Дбар, ацәгьоурақәа раарҧшра, насгьы аӡбарҭеи аусҭҵаареи рҟынтә зхы ҧхьакны иҟоу ахаҿқәа рыҟазаара аҭыҧи, урҭ раанкылареи рганахьала иазгәаҭаз аоперативтә-ҧшааратә усмҩаҧгатәқәа иҷыдоу ахылаҧшра аиҭон.

Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҵакырадгьылтә еиҟәшақәа реиҳабацәа, аминистр рҿаҧхьа иқәиргылахьаз, хәажәкырамза акы инаркны анаҩстәи 30- мшы ирҭагӡаны зынагӡара азгәаҭаз, хазы игаз аусдҵақәа рынагӡашьазы аҳасабырба ҟарҵеит.


ААР ашьаусҧшаара аусбарҭа аҿаҧхьа иқәгылаз аҳасабтә ӡбоуп - изакәанымкәа ахымцабџьар амазаареи аныҟәгареи рзы афактқәа раарҧшра 25 % рыла еизырҳауп – 15 рҟынтәи 20 цәгьоура рҟынӡа. ААР арҩышьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара хылаҧшра азҭо аусбарҭа аусзуҩцәа 30 ҳасабырбатә мшы рыла иаадырҧшит ацәгьоурақәа ҧшьба, урҭ зыдҳәалаз Аҧсны аҵакыра аҟны арҩышьыгатә маҭәашьарқәа раларҵәара иадҳәалаз роуп- ари ахырхарҭаҟны ацәгьоурақәа раарҧшра ишьақәнаргылеит 100%.

Аилацәажәараҟны иқәгылоз ражәахәқәа рылҵшәақәа рыла Дмитри Дбар акыр амаҵзуратә дҵақәа ҟаиҵеит, хықәкыла иуҳәозар – ахымцабџьари, арҩшьыгатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәа реикәыршара ахырхарҭала аусура рҕәҕәазарц, иара убасгьы акриптоҧарарҳара иазырхоу изакәаным аусура аанкылара, насгьы уаанӡа зусура ааныркылахьаз амаининг – обиектқәа русура хацдмыркырц азы ахылаҧшра рыҭара.

Аминистр Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа араионтә ҟәшақәа русура иҽеим ҳәа ахәшьара аиҭеит, еиҳаракгьы хазы игоу ацәгьоурақәа раарҧшра ахырхарҭала. Аха, убри аан ареспублика аҵакырадгьыл аҟны ауаажәларратә зини, амҩатә шәарҭадареи раҧҵара аҟны иҵоуроу алҵшәақәа шыҟоу атәы иҳәеит.

Ҳазҭоу ашықәс, актәи аҧшьбара аан имҩаҧгаз апрофилактикатәи ареидтәи усмҩаҧгатәқәа ирыбзоураны Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа иаадырҧшит 18.396 амҩа ныҟәаратә ҧҟараеилагара, ари 9.336 факт рыла еиҳауп иҳаҩсыз ашықәсаз аиҧш-зеиҧшыз аамҭахәҭазы аасҭа.

Аминистр ихаҭыҧуаҩы - ауаажәларратә шәарҭадаразы амилициа аиҳабы Беслан Ҷкадуа иазгәеиҭеит, амҩаҟны аҭагылазаашьа ахылаҧшра арҕәҕәара ишалнаршаз амҩа- транспорттә хҭысқәа 56 рҟынтәи 36 рҟынӡа рыларҟәра, абри инаҷыданы амҩатә машәырқәа раан иҭахаз рхыҧхьаӡара 60% рҟынӡа еиҵахеит (2021 ш. рзы иҭахеит быжьҩык, 2020 ш. рзы – 16 - ҩык). Амҩа- транспорттә хҭысқәа раан ахәра зауыз рхыҧхьаӡара 42% рыла еиҵахеит (2021- 49 –ҩык ыҟазар ахәрақәа зауыз, 2020 ш. рзы – 80-ҩык ыҟан).

Ҳазҭоу ашықәс, актәи акварталазы Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа арыжәтә џьбара зыдкыланы автотранспорт аҧсҟы зкыз 1.117 - ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа административтә ҭакҧхықәра иақәдыршәеит, абри иабзоураны 783 зинеилагара афактқәа раарҧшра еиҳахеит ҵыҧх аасҭа (абри аамҭахәҭазы 2020 ш.рзы ишьақәыргылан 334 ҧкаанҵа).

Беслан Ҷкадуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иахьатәи аамҭазы дара аҧхынра- ҧсшьаратә аамҭа аҽазыҟаҵара иалагахьеит, ауаажәларратә милициа аиҟәшақәа рхықәкы хада Аҧсны иаҭаауа асасцәа ршәарҭадара ахылаҧшреи, атуристцәа-амашьынарныҟәцаҩцәа ҳамҩақәа рҟны ашәарҭара зцым рынеиааира аҧҵареи роуп. Насгьы, амашьына аҧсҟы зкыу аҧсшьара иаауа мзыз дук ыҟамкәа раанкылара аҭахны иҟам, ари аӡбара анагӡара ААР анапхгареи, изыхәҭоу амаҵзурақәеи рганахьала ахылаҧшра ҕәҕәа аҭахоит, - ҳәа азгәеиҭеит ауаажәларратә шәарҭадаразы амилициа аиҳабы.


«Иахьатәи аамҭазы амилициа аусзуҩцәа руалафахәы шьҭыхыуп, насгьы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рматериалтә-техникатә еиқәыршәара еизырҳауп, аха аусзуҩцәа рзаанаҭтә дыррақәа реизырҳара, амаҵзуратә леишәа ашьҭыхра, насгьы оперативла анапхгара иқәдыргыло аҳасабтәқәа рынагӡара аҭахны иҟоуп» - иҳәеит Дмитри Дбар аминистрра аусзуҩцәа рахь ихы нарханы.

Аминистр акыр адҵақәа ҟаиҵеит ААР аиҟәшақәа рмаҵзуратә уалҧшьақәа рынагӡашьа ахырхарҭала, иара убасгьы ауаажәларратә зини ареспублика аҟны ашәарҭадареи раҧҵаразы. Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа реиҟәшақәа рнапхгаҩцәа хаҭалатәи аҭакҧхықәреи амилициа аусзуҩцәа рмаҵзуратә уалҧшьақәа рынагӡашьа азы ахылаҧшра аҭареи рыдҵоуп.

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений