Авторизация:

Михаил Логәа: «Кәыдрытәи аҩхаа ҧсҭбарада иахьҭарцәыз Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада иакәӡами изыбзоуроу?

Михаил Логәа: «Кәыдрытәи аҩхаа ҧсҭбарада иахьҭарцәыз Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада иакәӡами изыбзоуроу?
10 августа 2018 16:07 2397
Аҧсадгьыл-инфо, 10 2018 ш.  

Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭуа ар рҟынтәи аҭарцәразы арратә аоперациа хыркәшан август 12 2008 ш. рзы.

Августтәи ахҭысқәа жәашықәса рхыҵра аламҭалазы Аҧсны ауаажәларра Сергеи Багаҧшь игәалашәара иадҳәалоу уаанӡа ирыдырклаз ақәҵарақәа рынагӡаразы аиҳабыра рахь ааҧхьара рнапы аҵарыҩуеит.

Убри азҵааразы Апсадгьыл-инфо Михаил Логәуа идҵаалеит. Иара 2011 ш. рзы Сергеи Багаҧшь игәалашәара аанхарц азы Александр Анқәаб иқәҵарала еиҿкааз акомиссиа напхгаҩыс даман.

Михаил Логәуа иҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы иара дышрылахәыз аоппозициа еиҿыркаауа аиҧыларақәа, урҭ рҿы ауаажәларра ишышьҭырхуаз уи азҵаара.

«Ҷлоу ақыҭа аҿы мацара хҩык ауаа ааины исызҵааит, Багаҧшь ибаҟа Очамчыра иқәдыргыларан иҟан, уи иалахьынҵои ҳәа», - азгәеиҭеит иара.

Ауаажәлар иҟарҵаз ааҧхьарақәа ирлыҵшәаны ишьақәыргылан Аҧсны аиҳабыра рахь инарышьҭран иҟоу ақьаад.

«Маи 27 2014 ш. рзы иҟаз, Аҧсны аҳәынҭқарра азы итрагедиатәу ахҭысқәа рышьҭахь Багаҧшь игәалашәара иазку аусмҩаҧгатәқәа аанкылан», - аҳәоит ашәҟәаҿы. Убас Аҳәынҭқарратә комиссиа уаанӡа иаднакылаз ақәҵарақәа иаарласны ихдыркәшарц рыдыргалоит.

Ааҧхьара рнапы аҵарҩхьеит зықьҩык ауааҧсыра, убас апартиақәа «Амцахара». «Иаку Аҧсны», Акоммунисттә партиа, Ирина Агрба дызхагылоу Ауаажәларратә еиҿкаара «Аҳәса аполитикаҿы».

Михаил Логәуа излеиҳәаз ала, знапы аҵазҩыз рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп Сергеи Багаҧшь аполитикатә оппонентцәас имазгьы, аха аҭоурых аарҳәра шамуа здыруа ауаа.

Михаил Логәуа иазгәеиҭоит Сергеи Багаҧшь Аҧсни ажәлари рымаҵ аураҿы иааҧсара шырацәоу. Убас, Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭқәа рыр ҧсҭбарада рықәцара иара ибзоуроуп ҳәа иҧхьаӡоит.

«Гәылрыҧшьтәи абригада ажәыларахь ицарц адҵа роуит. Сара Сергеи Уасил-иҧа сизасит. Иара иҳәеит ихала адҵа риҭаанӡа, џьаргьы имҵысырц. Ашьҭахьтәи аҭагылазаашьа иаҳнарбеит усҟан ажәылара ицазҭгьы, зегьы уа иҭахар шауаз. Нас Кәыдрытәи аҩхаа ҧсҭбарада иахьҭарцәыз Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада иакәӡами изыбзоуроу?» - дҵаауеит Михаил Логәуа.


Ԥаса Аҧсны аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩыс иҟаз Михаил Логәуа иазгәеиҭоит 2014 ш. рзынӡа Багаҧшь игәаларшәаразы аусурақәа шымҩаҧысуаз. Анышәынҭраҿы абиуст 8 млн мааҭ ҳәа иқәыргылан, Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы аусқәа рымҩаҧгаразы аескизтә проект рхиан.

«Аганқәа зегь рыла аусурақәа цон. Уи аахиижьҭеи урҭ уаҳа аӡәгьы игәаламшәеит», - иҳәоит Михаил Логәуа.

Уажәазы, иара иажәақәа рыла, иҟалеит ирласны аӡбара зҭаху даҽа проблемак.

«Багаҧшь инышәынҭра ааигәара ауахәама ахьгылоу адгьыл аҳәазара иалагеит. Уи аанкыламзар, анышәынҭрагьы иаҧырхагахоит. «Аҧсныргылара» аҟынтәи инеины игәарҭеит, 6,5 млн мааҭ аусурақәа аҧсоуп ҳәа иақәырҵеит», - иҳәеит Логәуа.

Иара, иахьа аҳәынҭқарра иахагылоу ауаажәларра рааҧхьара ишахәҭоу иахаҵгылап ҳәа агәыӷра ааирҧшуеит

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений