Авторизация:

Леуард Барцыц: сынтәатәи аӡынра 100 ш. рыҩныҵҟа зегь раасҭа иҧхоу ҳәа иалкаауп

Леуард Барцыц: сынтәатәи аӡынра 100 ш. рыҩныҵҟа зегь раасҭа иҧхоу ҳәа иалкаауп
Апсадгьыл-инфо
27 февраля 2019 12:43 654
Апсадгьыл-инфо, 27 февраля 2019 г.  

Сынтәатәи аӡынразы иҟаз аҧхаррала, аҧхынра шыҟалара атәы аҳәара уадаҩуп, рҳәоит аекологцәа сынтәа ишьақәгылаз аҳауатә ҭагылазаашьа иалацәажәо.

Ииашаны, аӡынра мҩаҧысит ҭагалан аамҭа еиҳа иақәнаго. Амшын аӡҟәандара акәзар, есышықәса фба-хәба градус аҟынӡа ахьшәашәара лаҟәуазҭгьы, сынтәа уи аа-градуск еиҵамхеит. Аҧсуа ҵаруаа акыр шықәса рыҩныҵҟа ҳтәыла аҳауаеи, аӡиасқәеи, аӡиақәеи, ашьхақәеи, амшынӡи рҭагылазаашьа ҭырҵаауеит. Абар уажәшьҭа 18 шықәса ҵуеит аус ауеижьҭеи Аҧсны адгьылҭҵааҩцәа реилазаара. Ас еиҧш аҭҵаарақәа рымҩаҧгареи, азгәаҭақәа рыҟаҵареи, анаҩс урҭ алкаақәа аихшьаала рзуреи дара роуп знапы алаку. Ари ахеилак ахада Леуард Барцыц иажәақәа рыла, есышықәса еиҧҟьарада аҭҵаарақәа мҩаҧыргоит, убри аҟынтә еиҿдырҧшыша арбагақәа рымоуп.


«Сынтәатәи аӡынра аҵыхәтәантәи ашәышықәса аҩныҵҟа зегь раасҭа иҧхоу ҳәа иалкаауп. Даара иааџьаушьаратә иҟоуп, ашьха иқәыз аҵааршәқәеи асыҧсақәеи маҷхо иахьалагаз. Ас еиҧш иҟоу афактқәа шьақәырӷәӷәоуп»,- иҳәеит аҵарауаҩ.

Иара иажәақәа рыла, сынтәа ашьхараҿгьы даара имаҷны асы шьҭоуп. П,шьба-хәба метра асы ахьлеиуаз ашьхаҭыҧқәа рҿы сынтәа метраки бжаки роуп икаҳаз.

«Аҳауа ҳаналацәажәо, арбагақәа зегьы ҳасаб рзулатәуп. Ашьхеи агеи хаз-хазы иганы ҳазрылацәажәаӡом, акы аҟны имҩаҧысуа апроцессқәа аҩбатәигьы анырра анаҭоит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа Аҧсны мацара акәӡам иахьышьақәгылоу, ари апроблема иглобалтәу аҟазшьа амоуп. Иара ахҟьоит адунеизегьтәи аҧхарра. Иазгәаҭатәуп ари апроцесс амҩаҧысра иалагеижьҭеи акыр шҵуа. Арҭ аҽыҧсахрақәа иаразнак иубаӡом, аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиҳа-еиҳа игәауҭо иалагеит. Аҧхаррақәа ӡынгьы-ҧхынгьы иахьышьақәгылоу аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟны ахьҭа бааҧсқәа рцәырҵра ашәҟәы иҭагалоуп. Аӡынра акәзар, зегь реиҳа иахьыцәгьаз аҭыҧқәа рҿгьы ҩ-градуск рҟынӡа еиҳа иҧхррахо иалагеит. Ари адунеи аҵарауаа зегьы агәҭынчымра рызцәырнагоит»,- азгәеиҭоит Леуард Барцыц.

Аҵарауаҩ далахәын уажәы ааигәа Ставрополь имҩаҧысуаз агеографцәа рконференциа. Уаҟа иаргьы ажәахә ҟаиҵон. Дагьрылацәажәеит адунеизегьтәи аҳауаҽыҧсахрақәа рымҩаҧысра иадҳәалоу азҵаарақәа. Леуард Барцыц иажәақәа рыла, аҵарауаа ргәаанагарақәа рыла аиҭаҵра иаҿу амҳалдызтә цәаҳәақәа (магнитные поля) рҭыҧ ахь игьежьыр ауеит. Ҳәарада, усҟан аҳауа ҭышәынтәалоит. Ус анакәымха, адунеи аҿы азқьышықәсқәа раахыс ишьақәгылаз аҳауатә ҭагылазаашьа аҽаҧсахуеит. Уи ауаа ишырныруа атәы макьана алацәажәара уадаҩуп.


«Аҧсны даара иманшәалоу дгьылҭыҧуп ҳәа иазгәаҭоуп. Ҳара ашьхеи агеи рыбжьара ҳаҟоуп, урҭ ҳрыхьчоит. Амала сынтәа амшын аҧхарра иахьынӡахәҭаз имлаҟәӡеит, аа-градуск еиҵамхаӡеит. Уи градуск ҩ-градуск рыла еиҳауп уаанӡатәи ашықәсқәа раасҭа. Градуск ҳара ҳҳауатә ҭагылазаашьазы акыр аҵанакуеит»,- иҳәеит аҵарауаҩ.

Леуард Барцыц иазгәаиҭоит амшынӡы ахатә ҷыдарақәа шамоу.

«Аӡы ирласны иҧхаӡом, аха ианыҧхахгьы ирласны ихьшәашәаӡом. Уи азы ауп аӡын ҳара амшын аҟынтәи аҧхарра зҳауа. Иҳәатәуп, уажәнатә амшын аҧхарра ашьҭыҵра ишалагахьоу. Февральмза ҳҭысит, амшгьы акыр еизҳахьеит, аха уажәааны амшынӡы ас лассы иҧхомызт егьырҭ ашықәсқәа рзы»,- абри атәы иҳәеит Леуард Барцыц.

фото: Апсадгьыл-инфо
фото: Апсадгьыл-инфо

Абарҭ хьыхь зыӡбахә ҳәоу афактарқәа роуп сынтәатәи аӡынра мыцхәы иҧханы амҩаҧысра зыбзоуроугьы. Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, азгәаҭарақәа мҩаҧыргоижьҭеи раҧхьаӡа акәны сынтәа ирбеит ашәырхкқәа февраль азы ишәҭуа.

Февральмза Аҧсны зегь реиҳа ихьшәашәоу ҳәа иҧхьаӡоуп. Изаҳахьада уажәааны аӡахәа шәҭуа, иҳәеит Леуард Барцыц.

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, ҳәарада аӡынра ҟәанда ауаа рзы иманшәалоуп ахгара. Аха, аҧсабара аҧсы азымшьаӡеит, измыцәаӡеит. Имҧсӡеит ахьҭа зызхымго ахәаҷахкқәа. Аҧсабаратә процессқәа ишахәҭаз ала ииашаны имҩаҧымсӡеит. Аҳауа шьақәгылаӡам, убри аҟынтә лассы-лассы имҩаҧысуа аиҭаҵрақәа рышьцылара аҧсабара ахьӡаӡом. Аҳауатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалазҭгьы, аҧсабарагьы есышықәсатәи апроцессқәа ишақәнагоу ала имҩаҧнагалон, иашьашәалоу аҳауа аҽақәыршәаны.

«Уаанӡатәи агәаҭарақәа урыхәаҧшуазар, аҳауатә цәырҵрақәа, мамзаргьы иалукааша аҽыҧсахрақәак ҟалалон хәышықәса-фышықәсарахь знык. Егьы абжьааҧны аҳауатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалан. Уажәы даҽакала иҟоуп. Ацәырҵрақәа ҳбо ҳалагеит шықәсызаҵәык бжьарханы»,- ҳәа азгәаиҭоит Леуард Барцыц.

Ашьхараҿы асы маҷны алеиреи, аҵаақәа рхьаҵреи, мыцхәы иҧхаз аӡынреи ирыхҟьаны иҿиар алшоит ақыҭанхамҩа ҧырхага азҭо ахәаҷахкқәеи, аҵиаақәа рчымазарақәеи.


«Ашьхыцқәаҵәҟьа мыцәаӡеит ари аӡынразы. Мра хәыҷык шаакылыҧхаз даргьы цәырҵуеит. Ардәынақәа ашәаҳәара иалагахьеит. Аҳауатә ҽыҧсахрақәа аҧсабарагьы арҩашьеит. Уи ианаамҭаз аасҭа иааигәаны ааҧынра аҽазыҟанаҵеит»,- иҳәеит аҵарауаҩ.

Аха убри аан иара иазгәаиҭоит ас еиҧш ацәырҵрақәа егьырҭ ашықәс аамҭақәа анырра ахьынӡарырҭо атәы аҳәара шыуадаҩу. Уи атәы шьақәырӷәӷәаны аӡәгьы дзалацәажәаӡом.

Аҧсны адгьылҭҵааҩцәа реилазаара аҧҵан 18 шықәса раҧхьа. Иара еиднакылоит адгьылҭҵааҩцәеи, амшынӡи, аӡиасқәеи, аӡиақәеи ҭызҵаауа аҵарауааи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи абызшәадырыҩцәеи. Шамахамзар ахеилак иалоу зегьы зыҭҵаарадырратә усумҭақәа еицырдыруа, иҭышәантәалахьоу аҵарауаа роуп. Ари аилазаареи Урыстәылатәи Афедерациа адгьылҭҵааҩцәа рхеилаки, уи аҭыҧантәи аҟәшақәеи аимадара бзиақәа рыбжьоуп. Леуард Барцыц иажәқәа рыла, аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара рымаӡам. Аха, ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа раҳаҭыр баны, Урыстәылатәи рҩызцәа ашәагазагатә маругақәа ҳамҭас ирырҭеит. Уи адагьы изларыцхраауа рацәоуп.

«Ҳара уажәы Аҧсны ахсаала ҿыц аиқәыршәара ҳаҿуп. Уаанӡа иҭҳажьхаз хәышә хьӡы рҿынӡа акәын ианыз. Уажәы зеиқәыршәара ҳаҿу ианылоит х-нызқь хьӡы аҧсышәала еиҭаганы», - иҳәеит Леуард Барцыц.

Убасгьы, иара напхгара зиҭо аиҿкаара акарстә ҳаҧқәа рыҭҵаара иаҿуп. Сынтәа Тҟәарчал иахьаҵанакуа аҭыҧқәа рҿы аусурақәа рымҩаҧгара ргәы иҭоуп.

Елана Лашәриа

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений