Авторизация:

Апрокуратура хада: амҩатә машәыр аныҟалоз Тарсман анаркотикатә рҩашьыга идкылан дыҟаӡамызт

Апрокуратура хада: амҩатә машәыр аныҟалоз Тарсман анаркотикатә рҩашьыга идкылан дыҟаӡамызт
21 сентября 2018 18:12 6576
Аҧсадгьыл-инфо, 21 2018 ш.  

Аҧыза-министр Геннади Гагәылиа иҧсҭазаара дахьалҵыз амҩатә машәыр аҭҵаара мҩаҧнагоит Апрокуратура хада аусҭҵааратә ҟәша.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 21 2018 ш. Апрокурор хада ихаҭыҧуаҩ Ешсоу Какалиа Аҧсуа телехәаҧшра иаиҭаз аинтервиу аҿы аҧыза-министр Геннади Гагәылиа иҧсҭазаара дахьалҵыз амҩатә машәыр аныҟалоз аамҭазы Ҳаџьараҭ Тарсман анаркотикатә рҩашьыга идкылан дыҟаӡамызт иҳәеит.

«Амашәыр аныҟала ашьҭахь анаркотикатә маҭәашьарқәа рзы амашәыр иҟалаз иалахәыз амашьынаныҟәцаҩцәа рҩыџьагьы гәаҭан, аҧыза-министр имашьынаныҟәцаҩ Бгьеу Баҭалгьы. Анализ иднарбеит иара ишьаҿы анаркотикқәеи алкоголи шыҟамыз. Ахара здырҵо Тарсман Ҳаџьараҭ Зурик-иҧа ишьаҿы ирбеит аканнабиноидқәа. Аха амашәыр аныҟалоз иара арҩашьыга дашьны дыҟаӡамызт. Уи иаанаго, амҩатә машәыр аныҟалоз иара анаркотикқәа ҟаҵаны дыҟаӡамызт ауп», - иҳәеит Ешсоу Какалиа.

Убри аан апрокурор хада ихаҭыҧуаҩ иҳәеит Тарсман адокументқәа имаӡамкәа амашьына дшақәтәаз.

Аусҭҵаараҿы иҟоу аверсиа ала, Ҳаџьараҭ Тарсман амҩатә ҧҟарақәа еилеигеит иара иитәымыз ацәаҳәа дахысны, аҧыза-министр дызҭатәаз амашьына Toyota Camry даҿалеит.

Ешсоу Какалиа иҳәеит аусҭҵаара ишацҵоу, иҟалаз ахҭыс ашаҳаҭцәа шышьақәдыргыло.

«Аҳәынҭқарра ахьчаразы аусбарҭа аусзуҩцәа рнаҩс ари ахҭыс ашаҳаҭцәа шьақәдыргылоит, нас урҭ иразҵаауеит. Уажәазы иҳамоуп ари ахҭыс шыҟалаз, иҟалаанӡа аҭыҧ змаз ахҭысқәа ртәы зҳәо ашаҳаҭцәа. Иҟалаз шыҟалаҵәҟаз аилкааразы, ашьауӷатә ус иалаху аӡәгьы агәыҩбара изнымхарц азы, аекспертизақәа Урыстәыла имҩаҧгахоит. Нас аус аӡбарҭахь иҳашьҭуеит. Аӡбара аартхоит, изҭаху зегьы неины иалатәарц рылшоит, ирбарц Тарсман ихароу ихараму шеилдырго», - иҳәеит апрокурор хада ихаҭыҧуаҩ.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений