Авторизация:

Гарри Аршба: «Ҳусуҩцәа ирышьарҵо рымам, иршәырҵо рымам»

Гарри Аршба: «Ҳусуҩцәа ирышьарҵо рымам, иршәырҵо рымам»
30 октября 2018 22:51 3595
Аҧсадгьыл-инфо, 30 2018 ш.  

Октиабр 30 рзы имҩаҧысит Аҧсны аминистрцәа реилазаара аилатәара

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр  30 2018 ш. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраара аҭаразы иҟоу апроблема атәы далацәажәеит аминистр Гарри Аршба.

«Ҳусуҩцәа ирышьарҵо рымам, иршәырҵо рымам, атехника ҳамам. Сынтәа акриминогентә ҭагылазаашьа аанкылара ҳалшеит, аха иааиуа ашықәс азы уи аҟаҵаразы цәгьахоит», - иҳәеит иара аилатәараҿы, аанацҳауеит «Абхазиа-Информ».

Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит аминистрра 2019 ш. рзы абиуџьет 43 миллион мааҭ рыла ишацҵоу, урҭ аҧарақәа аиҳарак ауалафахәы ацҵарахь ишцо.

Иара иазгәеиҭеит аминистрра абиуџьет аизҳара Аҧсни Урыстәылеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррақәа реиқәшаҳаҭра алыршара ишадҳәалоу. Уаҟа ауалафахәыи атехникалеи реиқәыршәаразы 370 миллион мааҭ арбоуп.

«Ари аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаҧысаанӡа аминистрра абиуџьет ацҵара арбаӡам», - иҳәеит Нанба.

Аиқәшаҳаҭра ишаҳәо ала, аҧхьатәи аамҭазы аминистрра ацхыраара аҭара 80 процент Урыстәыла ахахьы иагоит, нас еиҟарахоит Урыстәылеи Аҧсни рлагалақәа – 50–50 процент.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений