Авторизация:

Аслан Бжьаниа Ажьырныҳәазы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит

Аслан Бжьаниа Ажьырныҳәазы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит
14 января 2024 16:28 461
Апсадгьыл-инфо, 14 января 2024 г.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ажьырныҳәазы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

"Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, Аԥсны иқәынхогьы, уи анҭыҵ иҟоугьы, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аԥсуаа ҳзы иԥшьоу, аҵак дуӡӡа змоу Ажьырныҳәа!
Шәышықәсала ҳажәлар имырӡқәа иаарго ари аныҳәа амч еиднакылоит аҭаацәарақәа, ауа-аҭахыра, еизааигәоу зегьы. Абри ауха Анцәа иахь рхы рханы аиҳабацәа аҭоурых дуӡӡа змоу Ҳаԥсадгьыл азы иныҳәоит, аҭынчра, ахирра, абарақьаҭра агымзарц, иҟазарц аизҳара, анҵыра, ҳҵас, ҳқьабз мыӡырц азы, ҩнаҭацыԥхьаӡа аҳәоуеиқәшәара, аҳаҭыреиқәҵара рымазарц азы.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳазҭалаз ашықәсгьы Аныҳәа алԥха шәыманы аԥыларазы алшара шәоуааит!
Ҽаанбзиала шәнеиааит!"



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений