Авторизация:

Анзор Чепиа: ҳаӷацәа марттәи ажәылара ҳгәы ишҭаз рдыруан

Анзор Чепиа: ҳаӷацәа марттәи ажәылара ҳгәы ишҭаз рдыруан
афото: А. Чепиа иархив
15 марта 2020 10:01 1626
Апсадгьыл-инфо, 15 марта 2020 г.  

Март 15-16 1993 шықәса рзы, Аҧсны арбџьармчқәа Аҟәа ахы иақәиҭыртәырц ажәылара мҩаҧыргеит.

Аҧсуа-қырҭуатә еибашьра аветеран Анзор Чепиа дреиуоуп аибашьра ахҭысқәа зегьы ирылахәыз, аха урҭ рылацәажәара бзиа изымбо, шамахамзар аиҿцәажәара иақәшаҳаҭымхо аибашьцәа. Аветеран аибашьраан аҧшыхәратә гәыҧ далан, еибашьҩы гәымшәаҩык иаҳасабала ихы шааирҧшызгьы, ианашьаӡам аҳәынҭқарратә ҳамҭа. Иара иажәақәа рыла, зныкгьы уи дадымҵаалац, аиуразы дашьҭамлац.

Анзор Чепиа аибашьра амца зегьы ихигеит аҧшыхәратә гәыҧ даланы. Ирыҧшыхәыз, ирбаз, ираҳаз, еидыркылаз аинформациа зегьы рызнаргон аинралцәа Сергеи Дбари Сулҭан Сосналиеви. Аветеран иҳәоит аибашьра аантәи ажәыларақәа зегьы раасҭа иахьагьы игәы аҟны инханы иҟоу ишреиуо ианартәии марттәии ажәыларақәа.

«Урҭ амзақәа, урҭ арыцхәқәа анааигәахалак, сара сгәалаҟара еиҭашәоит. Исгәалашәоит иаҳхаҳгаз, ҳазҭагылаз, аибашьра адәаҿы зыҧсҭазаарақәа ҿахҵәаз ҳҩызцәа. Урҭ агәалашәарақәа иахьагьы ихьанҭоуп сара сзы», - иҳәоит аветеран.

Мартәи ажәылара иадҳәалоу ахҭысқәа дырзааҭгыло, Анзор Чепиа иҳәоит, ҳаибашьцәа абџьари, аџьыҧҳани ибизаны ишрымаз. Аветеран игәаанагарала, ажәылара алҵшәа зыхҟьаз аинформациа ацәцара ауп.


«Ҳаӷацәагьы ус баша итәаӡамызт, даара ибзианы аус ауан рыҧшыхәратә гәыҧ. Ажәылара ҳгәы ишҭаз рдыруан, ҳазнысран иҟаз амҩақәа рдыруан, аҭыҧқәагьы заа иааныркылахьан, рҽазыҟарҵахьан. Ас еиҧш аоперациа аӡбахә ҵәахызар акәын, аха усҟан ус иалҵит. Аӷацәа ракәзар, рыҧшыхәратә гәыҧқәа ӷәӷәан. Аинформациа анроу ирылшеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны аҽазыҟаҵара», - ҳәа азгәеиҭоит Анзор Чепиа.

«Ҳарҭгьы азныказы ибзианы ҳдәықәлеит, архәҭақәакгьы ақалақь иалалеит, аха абра азеилибамкаара ҟалеит. Ацхыраара анырҭахха, аибашьцәа уи рмоуит. Ирышьҭаланы иааиуаз, Гәымсҭа ирсыз аҩбатәи агәыҧгьы ианаамҭаз ирхьымӡеит. Ажәакала, афакторқәа рацәахеит. Сгәаанагарала, азеилибамкаарагьы аҭыҧ аман. Ҳара ажәылара ҳгәы ишҭоу здыруаз аӷацәа заа аџьаҧҳаны ахьыҵәахыз аҭыҧ еихсынгьы иҧыржәеит. Ҳәарада, уи ҳусқәа еиҧнарҟьеит, аха ҳааннамкылеит, ҳцон ҧхьаҟа»,- иҳәоит аветеран.

Афото аҟны: Нодар Ҵәыџьба, Анзор Чепиа. А. Чепиа иархив
Афото аҟны: Нодар Ҵәыџьба, Анзор Чепиа. А. Чепиа иархив

Уи март мза даара ихьшәашәан, амш бааҧсын, аҷыхь аҿан. Ажәылара лҵшәабзиала ишымҩаҧысуазы агәыҩбара ыҟан. Аӷацәа бџьарлеи џьаҧҳанылеи акырӡа еиӷьны еибыҭан, хыҧхьаӡаралагьы еиҳан. Ажәылара хацыркын март 15-16 ауха. Амотохысратә бригадақәа аӡиас Гәымсҭа ирсны, Ауниверсам ҳәа иахьашьҭоу Аҟәа алаларҭаҿы иҟаз, астратегиатә ҟазшьа змаз аҭыҧқәа ааныркылар акәын. 

Анзор Чепиа урҭ ахҭысқәа дрылацәажәо иҳәоит усҟан ихышхыҵәаз Гәымсҭа измырсыз аибашьцәа шырацәоу. Заа аӡы ирсхьаз агәыҧ амшыни аҳауеи рҟынтәи архәҭақәа ацхыраара рырҭарц иазыҧшын. Зегь еицхырааны актәи аӷацәа рхырӷәӷәарҭа ҧжәаны Аҟәа аҭарцәразы ажәылара иацырҵарц агәҭакы ыҟан. Аха, хыхь ишҳәаз еиҧш, аоперациа раҧхьа аплан аҿы иарбаз ашьаҿақәа ирықәымшәеит.


«Аӡы ирсызгьы раҧхьа ижәылаз агәыҧ иахәҭаз ацхыраара рызрымҭаӡеит. Ақалақь иалалаз ҳаибашьцәа рыбжьарагьы ирытҟәази ирхәызи рацәан. Нас аҧсахраан урҭ рахьтә аӡәырҩы шьны иҳарҭеит. Ҳара ҳакәзар, дара ртәқәа рыҧсы шҭаз ираҳҭеит», - игәалаиршәоит Анзор Чепиа.
Аветеран иажәақәа рыла, марттәи ажәылара иара изы зегь раасҭа ихьанҭаз жәыларан. Усҟан иҭахеит 222-ҩык, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда иӡит. Аинрал Сулҭан Сосналиев иҳәахьан: марттәи ажәылара анаҩс ҳара еиҳа ҳҟәышхеит, аҧышәа ҳауит, аӷа иахь ҳцәымӷра еиҳахеит, ари аҧышәа ҳаибашьцәа аӡрыжәит ҳәа. Аветеран Анзор Чепиа уи ажәақәа дрықәшаҳаҭуп.

«Алҵшәақәа ишаҳҭахыз ибзиамхазаргьы, мартәтәи ажәылара ҳагхақәа ҳнарбеит, иҧсыҽыз аганқәа ҭаҳҵааит, ҿыц еиҭа ҳҽазыҟаҳҵеит»,- иҳәоит аветеран.

Аибашьра амца иахысхьоу ирдыруеит уи анеилгалак ашьҭахь шаҟа ихьанҭоу аҭынч ҧсҭазаара азыгьыжьра. Наунагӡа ухаҿы иаанхоит, иухамышҭуа, аамҭа-аамҭала ублақәа иаарыхгыло ахҭыс хьанҭақәа, иувыршьааз уҩызцәа, иара убасгьы аибашьцәа ирыдҳәалоу алаф зцу ахҭысқәа. Ҳаҳәарала ус иҟоу акы еиҭеиҳәеит Анзор Чепиа.

«Атанк ҧызжәо абзарбзан ПТУ ҳәа иашьтоуп. Ҳаҷкәынцәа цеит атанк ҧаҳжәоит ҳәа, аха ирықәымҿиазт, игьежьны иаауан. Иҧшыхәуаз ҳара ҳтәқәа, алада аҳәаа иазааигәаны илбааны итәан. Ианыгьежьуаз аҳәаа зыхьчоз ирбеит џьоук шаауаз, иагьрықәҿырҭит шәазусҭцәада ҳәа. Урҭ «ПТУристы» ҳәа урысшәала иҿырҭит аҭак. Арҭ ахьтәаз «туристы» ҳәа раҳаит. Ирзыџьашьатәхеит аибашьра цоит ари аҭыҧ аҿы атуристцәа абантәиааи ҳәа. Ари нас лафк аҳасаб ала иҳалан, акраамҭагьы ҳахыччон», - ҳәа игәалаиршәеит ахҭыс Анзор Чепиа.

Аветеран иҳәоит аибашьра хәрада дшалҵызгьы, уи ахҟьа-ҧҟьақәа иахьагьы игәабзиара ишаныруа.  

«Анефтебазеи, ҳара ҳахьықәтәаз аҳаракыреи ракәын еиҳаракгьы изеихсуаз. Аха усҟан, Анцәа иҟынтә, ҳаиқәхеит. Ирацәаҩын зхы абыҩлашы ҵысыз, убарҭ среиоуп саргьы. Уи иахьагьы сгәабзиара ианыруеит», - ҳәа азгәеиҭеит Анзор Чепиа.



 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений