Авторизация:

Аҧсны ажурналистцәа реидгыла Екатерина Бебиаҧҳа лиубилеи лыдырныҳәалеит

Аҧсны ажурналистцәа реидгыла Екатерина Бебиаҧҳа лиубилеи лыдырныҳәалеит
афото: Е. Ҷанба
20 ноября 2023 22:43 329
Апсадгьыл-инфо, 20 ноября 2023 г.  

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла илыдырныҳәалоит ажурналист, ашәҟәыҩҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа лиубилеи.

Екатерина Гьаргь-иҧҳа 40 шықәса инареиҳаны иҵуеит ажурналистика лнапы алакуижьҭеи, амилаҭтә журналистика аҿиараҿы хаҭалатәи ллагаламҭазы илыхҵоуп Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
Қарҭтәи ауниверситет ажурналистика афакультет аушьҭымҭа 1989 шықәсарзы аспирантура далганы, акандидаттә диссертациа лыхьчеит Аҧсны апериодикатә кьыҧхь атемала.

«Данстудентказ инаркны активла далахәын амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аус луан Аҧсуа радио аредакциа аҟны, иара убри аамҭазы Атәылахьчара аминистрра арратә корреспондент иаҳасаб ала ателехәаԥшратә нҵамҭақәа рыҟаҵара далагеит. Инеизакны, Екатерина Бебиаԥҳа лылшамҭақәа рацәоуп Аҧсны ахьчаҩцәа  иаадырҧшуаз агәымшәареи, ахамеигӡареи, афырхаҵареи  рӡыргара аус аҿы, хыҧхьаӡара рацәала лжурналисттә усумҭақәа урҭ ирызкуп. Иара убас лџьабаа маҷымкәа  иадылҵеит 30-тәи ашықәсқәа раан харада иҭадырхаз, идырӡыз аҧсуаа рлахьынҵа аиҭаҳәара, рыхьӡ аиҭашьақәыргылара аус ҧшьа. Екатерина Гьаргь-иҧҳа Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла апремиақәа изныкымкәа дрыҧсахахьеит, иланашьоуп «Агәымшәаразы» амедали, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡареи.
Аԥсныҭәи Аҳәынҭқарратә университет апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа ажурналистцәа ҿарацәа реиҵааӡара  аус аҟны ллагамҭазы Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазҭәыз аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп. 2002 шықәса рзы Екатерина Гьаргь-иҧҳа Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет аҟны Аҧсуа телехәаҧшреи арадиои русура иазкыз адоктортә диссертациа лыхьчеит.
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла Екатерина  Бебиаԥҳа лиубилеи  лыдныҳәало илзеиӷьаршьоит агәабзиара зҩыда, аманшәалара, арҿиара аус аҟны аихьӡара  ҿыцқәа!» - аҳәоит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Хашыг иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.




 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений