Авторизация:

Аҟәа имҩаҧысуеит Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра амш иазку аусмҩаҧгатәқәа

Аҟәа имҩаҧысуеит Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра амш иазку аусмҩаҧгатәқәа
21 февраля 2024 13:24 451
Апсадгьыл-инфо, 21 февраля 2024 г.  

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, адраматург, апрозаик, арккаҩы, аҭоурыхҭҵааҩы Дырмит Есыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ҵит.

Дырмит Гәлиа диит февраль 21 1874 ш. рзы Уарча ақыҭан.

Аҟәа ашәҟәыҩҩы ибаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа, Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.

Ашәҟәыҩҩы 150 шықәса ихыҵра иазкны амитинг мҩаҧган.

«Ашықәс зегьы ҳдоуҳатә культураҿы ахҭыс ду мҩаҧысуеит. Аҧсны жәлар рпоет, ҳмилаҭ литература ауасхыр ду азышьҭазҵаз Дырмит Есыф-иҧа Гәлиа данииз амш ауп иахьа, аха 2024-тәи ашықәс зегьы иара ишықәсуп. Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада инапы зҵаиҩыз аусҧҟа инақәыршәаны Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп. Ашықәс нҵәаанӡа аиубилеитә усқәа еиҿкаахоит. Убри инамаданы зныкымқәа аиқәшәарақәа ҟалахьеит, Аҳәынҭқарра ахада идҵала иаҧҵоуп акомиссиа. Ҭагалан инарҭбаау агәырӷьаратә еиҿкаара мҩаҧгахоит. Иахьатәи ҳаамҭазы Дырмит иҵакы иаҳагьы иӷәӷәахоит, избанзар иҧсҭазаара зегьы зызкыз иҧсадгьыл, ихатәы бызшәа, аҧсуа литература, ирацәоуп инапы злакыз, ихьӡ иадҳәалоу аҭыҧқәа. Амилаҭтә культура амаҵ азызуа даҽазныкгьы ишәыдаҳныҳәалоит ари адоуҳатә рыцхә», – иҳәеит Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Аҧҳазоу.


«Ҳазҭалаз ашықәс ныҳәа дуӡӡоуп. Аҧсуа сахьажәа ахацыркҩы, ҳдоуҳатә ҧыза, арккаҩы Дырмит Гәлиа 150 шықәса ихыҵит. Убри азы дааара ииашоуп Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟала сынтәатәи ашықәс Дырмит Гәлиа ишықәсны иахьрылаҳәо. Амреиҧш икаххаа аҧсуаа ирзылҧхаз ауаҩы, сгәанала, дрыдукылар ҟалоит амифологиеи аепоси рҿы акультуратә фырхацәа-адемиургцәа. Урҭ ауаатәыҩса рыбла хызтыз, иуааны иҟазҵаз аҭагылазаашьақәа рзаҧырҵеит, аӡы, амца, ажәлақәа рзааргеит. Дырмит дугьы ижәлар ажәеинаала рзаҧиҵеит, аҵаралашарахь амҩа дирбеит, адырреи ахдырреи рымаӡақәа рзааиртит. Аҧсуа ҭҵаараҿы иахьанӡа Дырмит Гәлиа ихаҭареи ирҿиареи амҽхаки рҵараҿы аҧсуа ҵарауаа иҟарҵахьоу маҷӡам, хымҧада. Акымкәа-ҩбамкәа амонографиатә усумҭақәеи, астатиақәеи, аочеркқәеи ҭыҵхьеит, аха уеизгьы араҟа макьаназы иҟаҵатәу еиҳаны сахәаҧшуеит. Насгьы зегьы ирыцку, ҳдоуҳатә ҧыза иҧсҭазаареи ирҿиаратә дунеи алаҧшҳәаа ҿыци азнеишьа ҿыци рҭахны иҟоуп. Уимоу, Дырмит ихьӡ, ихаҭара акульт ашьҭыхра иаҭыҧны избоит иахьа», - иҳәеит иқәгылараҿы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа.

Иара иажәақәа рыла, ҳдоуҳатә ҧхьанеицәа ахьыршәыгәқәа лассы-лассы ҳрызхьамҧшлар, ҳахьынтәаауа, насгьы ҳахьцо ахашҭра мариахоит.

«Ахашҭра, ишыжәдыруа, ианакәзаалак ишәарҭоуп. Аҧсуа жәлар рдоуҳатә рккаҩы Дырмит Гәлиа иӡыргаразы акыр аусмҩаҧгатәқәа ирызхәыцуп сынтәа ҳҳәынҭқарра аҩныҵҟа. Убарҭ рахьтә ихадараны избоит еиқәханы иҳамоу ирҿиаратә ҭынха, инапылаҩырақәа зегьы – иӡыз усгьы иӡгәышьеит, – еидкылана текстологиатә ҩаӡараҳаракыла, ҭҵаарадыррала академиатә ҟазшьа рыманы рҭыжьра. Уи акрызҭаху, имариам проектуп, аха шьаҭамырӡгахоит аҧсуаа рдоуҳатә культуреи аҧсуа ҳәынҭқарреи рзы. Ҳдоуҳа ахыҵхырҭаҿы игылаз ауаҩы, акультуратә фырхаҵа Дырмит Есыф-иҧа Гәлиа ишьҭа ҳхылар, хымҧада, акахьы ҳкылсуеит. Ҳажәлар акзаарахь, аизыразрахь, ахеиқәырхарахь ирыҧхьоит Дырмит имагиатә ажәа. Зхьышьҭра азыхынҳәышьа, азхьаҧшшьа иақәшәаз ажәлар еиқәымхар ауӡом. Рбызшәа шырҳәо, ахақәиҭра шрымоу, рыҧсадгьыл ишану наунагӡа иаанхоит», – иҳәеит Зураб Џьапуа.





Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений