Иаҳхысыз аҧсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи ирылагӡаны Аҳәынҭқарратә автоинспекциеи ауаажәларратә шәарҭадаразы амилициеи, ААР аоперативтә маҵзурақәеи русзуҩцәа Аҧсны иахьаҵанакуа апрофилактикатәи ареидтәи усмҩаҧгатәқәа нарыгӡеит, ауаажәларратә шәарҭадареи, амҩақәа рҟны азинмчы ашьақәыргылареи ирзырхаз.
Мшаҧымза 30 инаркны лаҵарамза 5-нӡа, амҩатә ҧҟарақәа реилагара 1099 ашәҟәы иҭагалан, ижәны амашьына аҧсҟы зкыз рганахьала ишьақәыргылан 55 административтә ҧкаанҵа, автомашьынақәа 9 ақалақьқәеи араионқәеи рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ирыҵаркуа ҷыдалатәи амашьынаргыларҭақәа рахь инаган, хҩык атәылауаа изакәанымкәа арҩышьыгатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәа рыдкыланы иахьыҟаз азы аҭакҧхықәра иақәыршәан, изакәанымкәа иҵәахны иҟаз хымцабџьарк ылгоуп.
Амилициа аусзуҩцәа рҿаҧхьа иқәгылоу адҵақәа ҭакҧхықәрала рынагӡара иазхиоуп, уи азын дара уахгьы ҽынгьы рмаҵзуратә уалҧшьақәа нарыгӡоит.