Авторизация:

Иул 23 – Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшуп

Иул 23 – Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшуп
23 июля 2018 11:30 3376
Аҧсадгьыл-инфо, 23 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, иул 23 2018 ш.  Иун 3 2005 шықәса рзы Аҳәынҭқарра ахада  Сергеи Багаҧшь иул 23 Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшуп ҳәа аусҧҟа инапы аҵаиҩит.

Убри аахыс ари аҽны иазгәарҭоит абираҟ амш.

Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә герби шьақәырӷәӷәан Владислав Арӡынба зхадараҿы дыҟаз Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы иул 23 1992 ш. рзы.

Абираҟ авторс дамоуп асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа.

Валери Гамгиа убас Аҧсны агерби, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа – Леони иорден, «Аҧсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ зхырҵо иранаршьо амедали «Агәымшәаразы» иранаршьо амедали дравторуп.

Ианвар 4 2013 ш. рзы абаза жәлар абыргцәа рхеилак аиҳабы Кахун Гожев Аҧсны ахада Александр Анқәаб инапаҿы ииркит 1992 ш. рзы, Аҧсны аибашьра анцоз, аҧсуа-абаза жәлар рконгресс анымҩаҧысуаз абаза жәлар рхаҭарнак Олег Етлухов Владислав Арӡынба аҵәахразы ииҭаз абираҟ.

Абасала, ҩажәа шықәса рышьҭахь Аҧсны актәи абираҟ аҩныҟа игьежьит.

«Ари ииашоу усуп ҳәа исыҧхьаӡоит. Абираҟ Аҧсныҟа, Аҟәаҟа ихынҳәит. Владислав Григори-иҧа ус шиҭахыз агәра ҳгоит. Усҟантәи аамҭаз ус иаҭахын. Ҳара ауаажәлар ҳрацәажәаны абираҟ аҭыҧ ахьылхтәу ҳаӡбоит. Иара еиҵагыло аҿар, Аҧсны аҭоурых иазҿлымҳау ирбартә алшара роуроуп», – иҳәеит Александр Анқәаб  абираҟ идкыло.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений