Аҧсадгьыл-инфо, 9 2018 ш.
Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, аҧыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара инамаданы Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба еиҿкааз акомиссиа аилатәара мҩаҧигеит.
Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 9 2018 ш. Аҧыза-министр аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара мҩаҧысуеит сентиабр 12 Гудоуҭатәи акультура аҩнаҟны асааҭ 11 инаркны 14 сааҭнӡа, аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада исаит.
«Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, аҧыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара инамаданы аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба иусҧҟала сентиабр 12 Аҧсны алахьеиқәҵаратә мшны ирылаҳәоуп»,- ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Ари амш аҽны Аҧсны илашьҭхоит аҳәынҭқарратә бираҟқәа, акультура аусбарҭақәеи ателерадиокомпаниақәеи алахҿыхратә усмҩаҧгатәқәеи адырраҭарақеи ааныркылоит.