Авторизация:

Рауль Ҳаџьымба: ахада икабинет аҩналареи атәареи ус имариаӡам

Рауль Ҳаџьымба: ахада икабинет аҩналареи атәареи ус имариаӡам
фото: сайт президента РА
5 августа 2019 22:50 625
Апсадгьыл-инфо, 5 августа 2019 г.  

Абас иҳәеит Аҧсны ахада, ахадарахьы акандидатс даҽазнык иқәгыло Рауль Ҳаџьымба Аҧсуа телехәаҧшраҿы иқәгылараан.

Абжьгарақәа шәырзыӡыҩруама ҳәа иҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо, Рауль Ҳаџьымба иҳәеит дшырзыӡыҩруа, даара аинтересгьы шимоу.


«Иудукылаша ыҟоуп, иудумкылашагьы ыҟоуп. Зны-зынла изыхцәажәо азҵаарақәа ишакәым, дырра аҵаӡамкәа ианрыхцәажәо ыҟоуп. Аха зегьы гәык-ҧсыкала ирҭахуп, избоит, аиҭакрақәа ҟаларц, даҽакала аҧсҭазаара ҟаларц Аҧсынра. Изҭахымда? Ирҭахгәышьоуп ус иҟазарц, аха уи уахыки-ҽнаки рыла иҟамло усуп. Дара дазусҭазаалакгьы абарҭ азҵаарақәа ирыхцәажәогьы, агәра дсыргоит, ани ахада икабинети итәарҭеи, уаҟа аҩналареи атәареи ус имариаӡам», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Шәҟазшьаҿы иаҳа иарбан ишәгуамҧхо ҳәа азҵаар аҭак ҟаҵо иҳәеит: «Зны-зынла санеицрало ыҟоуп, шакәым ауаҩы дансыргәаауагьы ыҟоуп».

Акритика акәзар, Рауль Ҳаџьымба хьаас имаӡам. Акритика шәгәы шәнархьуоу ҳәа азҵаара иркьаҿны аҭак ҟаиҵеит: «Мап».

Аблиц-зҵаарақәа раан убас еилкаахеит Рауль Ҳаџьымба игәы изырхьхьо аҩызцәа шиоухьо.

«Лассы-лассы иҟалом, аха зыгәра угаҵәҟо, дуҩызоуп ҳәа ззууҧхьаӡо ануҧырҵлак, даҽакала рхымҩаҧгашьа аныҟалалак, гәхьаауп», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.


Иҳаҩсхьо аамҭа шәзыргьежьуазар, акыр шәыҧсахуазма ҳәа даниазҵаа амҩаҧгаҩ, акандидат иҳәеит: «Сара сызнысыз амҩа мариаӡамызт. Иахьа ауаҩы ҿыц диины иаҭах абри амҩа даныларц азыҳәан уи аҩыза аҧсҭазаараҟны иҟалозҭгьы, ҿыц санысыртә еиҧш абри амҩа схы азыскуан. Акымзаракы, дунеихаан, абри ҟасымҵандаз, абас схы мҩаҧызымгандаз зымҳәо аӡәгьы дыҟаӡам, аха абжеиҳараҟны ауаҩы иҧсҭазаараҟны, даҽакала дазхәыцуа - абри ҟамлеит, абри сзыҟамҵеит, иашамызт ҳәа уҳәар, нас уҧсҭазаара зегьы башахеит ҳәа ауп иаанаго. Иҟоуп агхақәа, иҟоуп азҵаарақәа иузыҟамҵаз, аха егьырахь иахәҭан ҳәа сгәы иаанагоит», - азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.

Убас иара иҳәеит ахара џьара идзар, аҭамзаара ашьҭаҵара шилшо.

«Ианакәзаалакгьы ауаҩы ишакәым уизныҟәар, аҭамзаара зышьҭаумҵари?» - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.



 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений