Авторизация:

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара 30 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иааԥхьара

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара 30 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иааԥхьара
фото: Б. Лагулаа
14 августа 2022 13:40 619
Аҧсадгьыл-инфо, 14 2022 ш.  

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара 30 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иааԥхьара.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар.

Иахьа алахьеиқәҵаратә мшуп – 30 шықәса раԥхьа аӷа Аԥсны дақәлеит. Иалагеит 413 мшы ицоз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. Ҳԥыза Ду Владислав иааԥхьара бираҟҵас ишьҭыхны ҳажәлар зегьы аӡәк еиԥш Аԥсны ахьчаразы игылеит.

Нхыҵ Кавказ иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, амҳаџьыраа рхылҵшьҭра, Урыстәыла, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи рҟынтәи иҳадгылт. Урҭ рлагаламҭа хашҭра ақәым. Имӷьаӡо ахәра ҳзыннажьит аибашьра. Уи ахәра зырӷьо ҳәа ҟалараны иҟам.

Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарра ҳбызшәа иацәнымхошәа, ҳажәлар ирыцәнымхошәа иҟарҵо зегьы ҵакыс иамоу акоуп – мчыла ианаму, хаала рнапахьы ҳнагара иашьҭоуп. Урҭ ргәы иҭоу еилкаауп - ҩныҵҟала ҳаинҟьара рҽазыршәоит, ҳара-ҳара ҳаиҿадыргылоит. Иахьагьы рнапы аҵарымҩыц аибашьра алызмыршо ашәҟәы.   Иазыԥшуп ҳтәылахьчара азҵаара аныԥсыҽхо ҳәа, усҟан ҩаԥхьа ирыхшәап ирхарԥоу асыс мҟаа ацәа. Аха ргәыхәтәы иахьӡараны иҟам.

Аибашьраҿы уаҩ илымшо зылшаз, аҭынч ԥсҭазаараҿгьы ҳанеидгыла, ҳаззымиааиуа ус ҟалом.

Имариаӡам аԥсҭазаара, ҳара ишаҳҭаху иҟам зегьы. Иҭахаз ҳаибашьцәа рҭаацәа, аветеранцәа, ишәыхәҭоу адгылара шәоурц азы макьана уи аҟара ҳаӷәӷәам.

Хықәкы хаданы иҳамоу – ҳауаажәлар шәымаҵ ауроуп, Аԥсны инхо ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәроуп. Иахьа ихьыԥшым ҳхатәы ҳәынҭқарра ҳамоуп. Ҳаҿиароуп, ԥхьаҟа ҳцароуп!

 30 шықәса раԥхьа иҟалаз уаҳа иҟамлароуп Аԥсны. Уаҳа аибашьра амбароуп ари адгьыл. Иахьа иаԥсыуа ҳәынҭқарраны ишыҟоу Аԥсынра, зқьышықәсала инеилароуп. Иҟазароуп Аԥсынра, иҟанаҵ Аԥсҭазаара. Хашҭра рықәым Аԥсны зхы ақәызҵаз!



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений