Авторизация:

Мираб Кьышьмариа: Пицундатәи аҧсшьарҭа проблемас иҟаҵаны иалырхырц ирҭаху ауп исзеилымкаауа

Мираб Кьышьмариа: Пицундатәи аҧсшьарҭа проблемас иҟаҵаны иалырхырц ирҭаху ауп исзеилымкаауа
22 июля 2022 09:11 3177
Апсадгьыл-инфо, 22 июля 2022 г.  

Ар аинрал Мираб Кьышьмариа Пицундатәи аҳәынҭқарратә  ҧсшьарҭа ахыбрақәа рыкәша-мыкәша иҟоу ацәажәарақәа ахҳәаа рзыҟаиҵеит Аҧсуа телехәаҧшра иаиҭаз аинтервиу аҿы.

«Абри проблемас иҟаҵаны иалырхырц ирҭаху ауп исзеилымкаауа», - иҳәеит Мираб Кьышьмариа.

Иара игәалаиршәеит Аҧсни Урыстәылеи еиду ар рзы абаза Мыркәыла идыргыларц азы иареи Шоигуи аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарҩы ашьҭахь уаанӡатәи Апарламент аҿы уи мап шацәыркыз.


«Шоигуи сареи ҳнапы аҵаҳҩит аиқәшаҳаҭра. 9 млрд мааҭ убри аргылара иазкны ирыман. Атехника ҿыц ҳарҭон, зегьы ишахәҭаз иҳаргылоит рҳәан, мап ацәыркит Апарламент аҿы. Исзеилымкааит, иаҳҭахӡами? Ари ҳара иҳамоу ар ала иахьа даара ицәгьоуп Аҧсынтәыла ахьчара. Иҟаҳҵазар еиду ар, џьара иҩназар ами. Сара Аҧсны зҭиуа среиуоума? Сара зныкгьы исҳәахьеит, даҽазныкгьы исҳәоит, аиҳабы сидгылоит, избанзар акахьы ҳнеигоит. Анқәаб ҭаха ирымҭеит, ари ҭаха ирымҭеит. Есымша аҵәы алаҳхуа. Иалызхуа сыздырам, аха аҧхьаҟа ҳзымцо аҟынӡа ҳаҟоуп. Ауаҩы аус иуазар, уидгылар ауп, уивагылар ауп, дуҭахымзаргьы, Аҧснытәыла иахәо ауп иҟаиҵо», - иҳәеит аинрал.

Мираб Кьышьмариа игәаанагарала, ҳара ҳаигәырӷьар ауп Урыстәыла апрезидент Аҧснытәыла аҧсшьарҭа ахьалихыз.

«Адунеи зегьы зырхыџхыџуа ауаҩы, мап ҳәа иаҳҳәоит ҳәа ҳаҿуп. Аиҳабы иахьаҭаху ҳивагылоуп, ацәажәара ҟаларгьы, иаҳҳәаша ҳдыруеит, ҳаргьы акы ҳхаҳгахьеит. Акы ҳаҧырхагахо ҳалаго, џьара дзымҵысуа, аиҳабы ишьапы кны, ҳауҭиуеит ҳәа даанаҳкыло, Анқәаб акы иҳәар, ус акәӡам ҳәа ауаа иҿаҧало, егьи анс уиҿаҧало. Адаҽазнык исҳәоит, Аҧсынтәыла аиҳабыра ирхәыцыз, уи аицәажәара рымазҭгьы акуәхарын, иаалырҟьаны иҟамлаӡеит, сара сақәшаҳаҭуп, иахьаҭаху садгылоуп. Шәаҟәыҵ, шәырҧырхагамхан, шәрыцхраауазар – шәрыцхраа».


Мираб Кьышьмариа иҳәеит иара Аҧсны зҭица ауаа шизымдыруа: «Ус ҟазҵо сара аӡәгьы дсыздырам. Абри Аҧсынтәыла сҭиуеит ҳәа иқәыгланы абри аиҳабыра рганахь акрыҟазар, ҳаргьы иҳашәҳә иҟаҳҵаша ҳаргьы иаадыруеит. Уи аҩыза азҵаара ыҟаӡам. Уи аҩыза  азҵаара Бжьаниагьы иқәимыргылеит, Анқәабгьы иқәимыргылеит».

Ар аинрал аибашьцәа рахь ихы нарханы маҷк аҽаанкылара шаҭаху иҳәеит.

«Аибашьцәа рҿаҧхьа исҳәарц сҭахуп, хәыҷык ҳҽаанаҳкылап. Ҳара усгьы ҳаилыхны ҳаҟоуп. Уи зыхҟьаз ашьыҭыхра  акәӡам.  Аҧхьаҟатәи аус ҳазхәыцроуп. Иуаҳҭоит ҳәа иаҳәаны, нас иуаҳҭаӡом ҳәа ҳалахәмаруа ҳалагар, ҳара хара ҳазцаӡом. Ҳрызхәыцып ҳхәыҷқәа, адгьыл аӡәгьы игаӡом, игарангьы дыҟаӡам. Иаҳагьы ахьчара аганахьала иҳавагылоуп абарҭ, ирыхәҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит, иаҳаракгьы Путин иганахьала.», - иҳәеит Мираб Кьышьмариа.

 

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений