Авторизация:

Ирина Агрба: «Ажәлар ҧхьатәара ицеит», дара рхала иаанхеит»

Ирина Агрба: «Ажәлар ҧхьатәара ицеит», дара рхала иаанхеит»
фото: Давид Авидзба
17 сентября 2018 16:11 3190
Аҧсадгьыл-инфо, 17 2018 ш.  

Аҳәынҭқарраҿы иҟоу аҭагылазаашьазы лгәаанагара лҳәеит Ауаажәларратә еиҿкаара «Аҳәса аполитикаҿы» аиҳабы Ирина Агрба.

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 17 2018 ш. Акризистә аамҭазы «иҟаҵатәузеи? ҳәа иқәдыргыло азҵаара аҧсуаа ҳҿы иахьазы даҽакала иқәгылоуп: «ианбанҵәоу абри зегьы?», ҳәа лыҩуеит аполитик Феисбук аҿы иҟоу лдаҟьаҿы.

«Амчраҿ иҟоу (зхы иақәгәыӷуа аоптимистцәа гәыҧҩык) ахықә аҟынӡа инеиз аҭагылазаашьа хьаас имкыкәа, даара ибзиан аус зуа аиҳабацәа рсахьа рырҭоит. Аоппозициатә политикцәа рҽеиҩыршеит: џьоукы Р. Ҳаџьымба ҧхьатәара дцароуп, уи амчраҿ иаанхара аҳәынҭқарразы иузмыриашо аҭагылазаашьа ахылҵуеит рҳәоит, даҽа џьоукы 2019 шықәсазтәи аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҽазыҟаҵара еиҳа еиӷьуп ҳәа ирыҧхьаӡоит. Аиҳабыра зҿуи, иахьа ирҳәо уаҵәы изымҳәо аполитикцәеи згәы рыхшәаз ажәлар уаҵәтәи амш иақәымгәыӷуа аҟынӡа инеит, «ажәлар ҧхьатәара ицеит», дара рхала иаанхеит», - ҳәа лыҩуеит Ирина Агрба.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений