Аҧсадгьыл-инфо, 22 2018 ш.
Адепутатцәа ринициатива ала, Жәлар реизараҿы аҧыза-министр иҧылара мҩаҧысит
Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 22 2018 ш. Аиҧылараҿы «2018 ш. рзы Ареспубликатә биуџьет» азакәан анагӡашьа иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәан. Убас иазааҭгылан аинвестициатә программа иадҳәалоу Аҧсны асоциал-економика ҿиаразы акомплекстә план.
Валери Бганба адепутатцәа иреиҳәеит аиҳабыра рпланқәа ртәы, аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә мчреи дареи аусеицура бзиа рыбжьалап ҳәа агәрагарагьы ааирҧшит.
Аҧыза-министр адепутатцәа рызҵаарақәа жәпакы рҭак ҟаиҵеит.