Авторизация:

Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақь ахада ауаа далырхларц азы ақәҵара рыдыркылеит

Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақь ахада ауаа далырхларц азы ақәҵара рыдыркылеит
25 октября 2018 17:13 1367
Аҧсадгьыл-инфо, 25 2018 ш.  

Ареферендум март 2019 шықәсанӡа амҩаҧгара ргәы иҭоуп

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 25 2018 ш. Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақь ахада ауаа далырхларц азы ареферендум амҩаҧгаразы рыбжьы рҭиит, аанацҳауеит Sputnik Абхазиа.

Ари аҩыза аинициативала дықәгылеит адепутат Дмитри Маршьан. Иара иажәақәа рыла, ареферендум аҿы иқәыргылахо азҵаара абас иҟалоит: «Шәара шәақәшаҳаҭума Аҟәа инхо ауааҧсыра ақалақь ахада иалхразы алшара рыҭара?»

Ареферендум алҵшәақәа Аҧсны аиҳабыра рахь инашьҭхоит, аха, Дмитри Маршьан иажәақәа рыла, уи дара ирыдыркылар ауеит, ирыдрымкыларгьы.

Ақалақь ахада ажәлар далырхларц азы иҟаҵаз ажәалагала иадгылеит аилатәара иалахәыз 18-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 16-ҩык.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений