Авторизация:

Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит

Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит
23 июля 2020 10:18 923
Апсадгьыл-инфо, 23 июля 2020 г.  

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр ду зқәу Аҧсны жәлар!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Аҧсадгьыл азгәдууреи, агәышьҭыхреи зцу аныҳәа-Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш!

Аҧсны жәлар ҳзы игәазырҳагоу аҳәынҭқарратә дыргақәа, ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра иақәлоуп. Жәлар рҧыза Владислав Арӡынба инапхгарала Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ҧхынгәымза 23 1992 шықәса рзы ишьақәнарӷәӷәеит еицырдыруа аҧсуа сахьаҭыхҩы-апатриот Валери Гамгиа иаҧиҵаз аексизқәа рыла Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби.

Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Аҧсны ахьчаҩцәа ҳбираҟ ҧшӡа ианықәны ауп ишцоз ахақәиҭраз ажәыларахь, уи Аиааира иасимволуп. Ҳҳәынҭқарратә бираҟ  дыргас ирымоуп ҳажәлар рықәҿиарақәа. Агәра ганы сыҟоуп ихьыҧшым Аҧсны аҳәынҭқарра абираҟ иақәнагоу аҭыҧ ылнахраны ишыҟоу  жәларрыбжьаратәи аиҿкаара дуқәа рыҟны! Нагӡара ақәзааит ҳаҧсадгьыл Аҧсны, наунагӡа иахышәыршәырлааит апшзара иакны иаго аҧсуа бираҟ! Шьардаамҭа Аҧсынра!

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

Аслан Бжьаниа.


 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений