Ҭырқәтәыла иҟоу Кавказ-Аҧсуатә комитет аиҳабы Ардашьан Бганба Аҧсны аҧыза-министр Александр Анқәаб имшира идиныҳәалеит.
«Ҳара даара ҳаигәырӷьоит сынтәа шәара аҳәынҭқарраҿы амаҵура ҿыц ахьшәырҭаз.
Аибашьра ашьҭахьгьы ахаос аҭыҧ ахьамамыз аҳәынҭқарраҿы адестабилизациа зҭахыз, адемократиа иаҿагылоз амчрақәа шыҟазгьы, аҵыхәтәаны имҩаҧгаз алхрақәа ирыбзоураны Аҧсны адунеи аҿы азҿлымҳара аиоуит.
Ишәыдаҳныҳәалоит шәымш ира. Иаҳҭахуп ари ашықәс аҳәынҭқарра азы аиҭакрақәа ирышықәсны иҟаларц. Ишәзеиӷьаҳшьоит ашықәс рацәеи агәабзиареи», - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Александр Анқәаб имшира идылныҳәалеит Бедиз Кәарацхелиаҧҳагьы.
«Уара ҳажәлар рзы уразҟуп ҳәа схуцуеит, убри аганала агәабзиара, ирацәаны ашықәсқәа умазар ҳәа схәыцуеит, иудысныҳәалоит уира амш», - аҳәоит иаалышьҭыз адныҳәалараҿы.