Авторизация:

Аҧсны агаз ахә иацлеит

Аҧсны агаз ахә иацлеит
17 октября 2018 16:55 4262
Аҧсадгьыл-инфо, 17 2018 ш.  

Октиабр 15 инаркны агазтә баллон шә-мааҭк ахә иацлеит, иагьаҧсахоит 650 мааҭ.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 17 2018 ш. Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҧсны агаз азымхара аҭыҧ аман. Урыстәыла ахә ҿыцқәа шьақәдыргылон, убри азы агаз зҭиуа акомпаниақәа аҭирақәа ааныркылеит.

Агаз ахьынтәаарго Урыстәыла иара ахә 20% иахьацлаз азы, аҳәынҭқарратә наплакы «Аҧсныбылтәы» агаз ахә шьҭнахыр акәхеит, иҳәеит Аҧсадгьыл-инфо акорреспондент дзыҿцәажәаз «Аҟәагаз» аиҳабы Дмитри Адлеиба.

Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит баллонк агаз 680 мааҭ иркуазарц. Аҭагылазаашьа ианахәаҧш, «Аҧсныбылтәы» аиҳабацәа ирыӡбеит ахә 650 ҳәа ишьақәдыргыларц.

«Ахә еиҳаны иаахәаны, имарианы иаҳзыҭиӡом. Ҳара ахашәала иҳауа даара имаҷуп», - иҳәоит «Аҟәагаз» адиректор.

Агаз ахьырҭиуа џьара-џьара ишьақәыргылоу ахә еиҳаны изырҭиуеи ҳәа азҵаара аҭакс Дмитри Адлеиба иҳәеит акоммерциатә еиҿкаара «Аҧсныгаз плиус» иатәу астанциақәа рҿы шаку ас ахәқәа иахьрыцу.

«Аҟәагази» ҳара иаҳтәу аҟәшақәеи рҿы ирҭиуа агаз зҭоу абаллонқәа роуп, агаз абаллонқәа ирҭарҭәаӡом. Ҳара ҳҿы агазтә баллонқәа ишьақәыргылоу ахә еиҳаны ирҭиӡом», - иҳәеит Дмитри Адлеиба.

«Аҟәагаз» аиҳабы иҳәеит иаарласны агазтә баллонқәа рхархәашьа аконтроль ҟазҵо анаплакы шеиҿыркаауа. Раҧхьаӡа иргылан игәаҭахоит ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи, иара убас акрыфарҭатә ҭыҧқәеи.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений