Авторизация:

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩыс далхуп Мураҭ Маҳариа

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩыс далхуп Мураҭ Маҳариа
афото: Repatriation Repatriation / Facebook
14 ноября 2021 21:36 538
Апсадгьыл-инфо, 14 ноября 2021 г.  

Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩыс далхуп Мураҭ Маҳари. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа анаԥхгара зиҭо аилак аделегациа рхы аладырхәит Ҭырқәтәыла имҩаԥысыз Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа VII-тәи Аизараду. Уи Афедерациа ахантәаҩи анапхгара алахәцәеи ралхра иазкын.

Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Афедерациа еиҿнакааз Аизараду уи аҩаӡара ҳаракны ишымҩаԥысыз, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи ԥхьаҟагьы русеицура дшақәгәыӷуа атәы азгәеиҭеит.

Аизараду аҿы Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа еиҳабыс далхын Мураҭ Маҳариа.

Вадим Ҳаразиа Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ҳауаажәлари ҳаԥсадгьыли азын Мураҭ Маҳариа инапхгарала еиҿнакаараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы аманшәалара изеиӷьашьо ианаишьеит агәалашәаратә ҳамҭа.




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений