Апсадгьыл-инфо, 1 ноября 2021 г.
С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хада Алхас Ҷолокәуа Нхыҵ Уаԥстәыла атеатртә ҟазацәа реидгыла ахантәаҩы, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Казбек Губиев иирамш идиныҳәалеит.
«Шәара шәыԥсҭазаара зегь атеатртә ҟазара иазышәкит, ирацәоуп хаҭалатәи шәлагала Нхыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылатәи Афедерациеи ркультура ашьҭыхра аус аҿы. Агәахәара ду ҳнаҭоит аус шәыцура», – азгәаҭоуп адныҳәаларҿы.
Алхас Ҷолокәуа Казбек Губиев изеиӷьишьеит агәабзиара, ақәҿиара дуқәа, аманшәалара.