Авторизация:

Ақыҭақәа рҿы аҧсуа фильмқәа ддырбоит

Ақыҭақәа рҿы аҧсуа фильмқәа ддырбоит
16 октября 2018 15:33 773
Апсадгьыл-инфо, 16 октября 2018 г.  

«Аҧсуа фильмқәа Аҧсны ақыҭақәа рҟны дырбара» ахьӡуп акультура аминистрра аҧшьгарала иун 9 инаркны ихацырку апроект.

Апсадгьыл-инфо, 16 октября 2018 г. Апроект хықәкы хадас иамоуп амилаҭтә кинематогроф архив аҟынтә ҧсра зқәым акиносахьақәа ақыҭақәа рҿы ауааҧсыра дырбара, аҿар ари аҟазара радыҧхьалара. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны афильмқәа дырбара раҧхьа имҩаҧган Блабырхәа ақыҭан, анаҩс Хәаҧ, Дәрыҧшь, Аҷандара, Жәандәрыҧшь, Ҷлоу, Ӷәада, Кәтол, Џьгьарда уҳәа егьырҭ ақыҭақәа рҿгьы.

Аҧсны акультура аминистр Ельвира Арсалиа илҳәоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус зуа ареспубликатә гастрольтә план сынтәа аҿыцрақәа алагалан. Уи харҭәаахеит ҳтәыла араионқәа рҿы ауааҧсыра афильмқәа дырбара иазкәу апроект ала. Ахәаҧшцәа хәыда-ҧсада иддырбо афильмқәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп «Напыхьараџь», «Аҧсҭазаара хазыноуп», «Цгәеиқәаҵәа Цгәышкәакәа», «Аоперациа «Иҧшьоу Иануари». Абрифинг аҿы иазгәаҭан аҭыҧқәа рҿы акинофильмқәа дырбара ауааҧысра даара ишыргәаҧхоу. Арбара ахьымҩаҧысуа азалқәа еснагь иҭәуп.

Ақыҭақәа рҿы ауааҧсыра иддырбо афильмқәа акиностудиа «Аҧсныфильм» аҿы здубилаж ҟаҵаз роуп.

«Ари апроект ҳаамҭазы иаҭахны иҟоу усуп. Апроект аҧсуа фильмқәа апропаганда бзиа рызнауеит», - иҳәоит арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа.

Иара дазааҭгылоит афильмқәа аҧсшәахь реиҭагара иацу ауадаҩрақәа ртәгьы. Кинофильмк абжьы ахаҵара мацара хәымз инарзынаҧшуа иагоит. Иара убри аҟара иадхалоит иаҵоу амузыкеи, аперсонажқәа ирнаалоу абжьи рыҧшаара.

Апроект анхацыркыз инаркны агастрольтә план иалахәуп Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху амилаҭтә инструментқәа рансамбль.

«Амилаҭтә инструментқәа рансамбль шеиҿкаау атәы араионқәа рҿы издыруа маҷуп. Ақәгыларақәа рнаҩс аӡәырҩы амилаҭтә музыкарҳәагақәа ирызҿлымҳан», - иҳәоит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Денис Аруха.

Акультура аминистр Ельвира Арсалиа илҳәоит аҧхьаҟагьы иҵегь аинтерес зцҵоу апроектқәа шазгәаҭоу.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений