Авторизация:

Лаша Коӷониа иҭаиршәыз ампыл актәи аикәшаразы иреиӷьу ҳәа иалкаан (авидео)

Лаша Коӷониа иҭаиршәыз ампыл актәи аикәшаразы иреиӷьу ҳәа иалкаан (авидео)
7 января 2019 16:51 2069
Аҧсадгьыл-инфо, 7 2019 ш.  

Ихыркәшан ашьапылампыл азы Аҧсны ачемпионат асезон 2018/2019 актәи аикәшаразы иреиӷьу амып алкааразы абжьыҭира. Ашьапылампылтә клуб «Риҵа» Гәдоуҭа Инстаграми ВКонтакте рҿы ашьапылампыл абзиабаҩцәа рыбжьара имҩаҧнагеит актәи аикәшараҿы иреиӷьу ампыл алкааразы абжьыҭира.

Зынӡа иалырхырц ирыдгалан иҭаршәыз 14 мпыл.

Зыбжьы зҭииз ргәаанагарала, актәи аҭыҧ агеит аҟәатәи «Нарҭи» Аҧсны еизгоу акомандеи рзы иххәмаруа Лаша Коӷониа аҟәатәи «Динамо» амба иҭаиршәыз ампыл. Ари ҟалеит аҩбатәи атур аҿы «Нарҭи» «Динамои» анеиҧылоз.

Аҩбатәи аҭыҧ ааннакылеит Лаша ицыхәмаруа, 2018 ш. рзы иреиӷьу ашьапылампыл асҩы ҳәа зыхьӡ ҳәаз Шабаҭ Логәуа ахәбатәи атур аҿы «Гагра» амба иҭаиршәыз ампыл.

Ахҧатәи аҭыҧ анаршьеит актәи атур аҿы гәдоуҭатәи «Риҵа» ахәмарҩы Сослан Гочуа «Динамо» амба иҭаиршәыз ампыл.

 

афото: Анна Гәыниа, Facebook
авидео: «Аспорт адунеи»
амузыка: R-TemVoiceless (Z`05 mix) 
Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений