Авторизация:

Абокс аолимпиатә спорт иалырцарц акагьы рыгым, асамбо аамҭала аолимпиатә спортны иҟалеит

Абокс аолимпиатә спорт иалырцарц акагьы рыгым, асамбо аамҭала аолимпиатә спортны иҟалеит
2 декабря 2018 10:54 1563
Аҧсадгьыл-инфо, 2 2018 ш.  

МОК абокс азы жәларбжьаратәи афедерациа (AIBA) аҧарала ацхыраара аҭара ааннакылеит

Аҧсадгьыл-инфо, декабр 2 2018 ш. Токио имҩаҧгаз Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет аисполком аҿы самбо аамҭала аолимпиатә спортны иҟарҵеит, абокс акәзар, аицлабрақәа рпрогрмамма иалырхит, аанацҳауеит vesti.ru.

Убри иабзоураны самбо аолимпиатә дисциплинахар ауеит.

Самбо СССР ахаан ахыхьчаратә системак аҳасабала еиҿкаан. Иара ажәа иаанаго бџьарда ахыхьчара ауп. Ноиабр 16 1938 ш. рзы ауп самбо анииз амш ҳәа ирыҧхьаӡо. Убасҟан иара СССР аҿы изызҿлымҳаз аспорт хкқәа рхыҧхьаӡара иалаҵан.

Абокс акәзар, Токио имҩаҧгахо 2020 шықәсазтәи Аолимпиадаҿы ари аспорт хкы азы аицлабрақәа мҩаҧымсыр ҟалоит. МОК иқәнаргылаз аҧҟарақәа анынармыгӡа ари аспорт хкы зынӡа Аолимпиада иалнахыр ауеит.

Аинтернет-газеҭ «Россиски стадион» излаанацҳауа ала, ари аус аҿы ихадоу акакәны иҟоуп AIBA ахада, Узбекистан ахаҭарнак Гафур Рахимов изҵаара. Иара далырхаанӡа МОК аҿы изаарыцҳахьан икандидатура ықәимыргылар шыбзиоу. Иара США афинансқәа рминистрра асанкциа дақәшәеит акриминалтә ҧсҭазаара дадҳәалоуп ҳәа иҟоу аинформациазы.

МОК AIBA аҧарала ацхыраара аҭара ааннакылеит, иагьеиҿнакааит афедерациа аус аилыргаразы акомитет ҷыда.

Аинформациа: vesti.ru, stadium.ru
Афото: sport.rambler.ru

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений