Авторизация:

Асҭамыр Адлеиба: «Карпаталиатәи ашьапылампыл асцәа рзы акагьы аанагаӡом Украина адисквалификациа ахьырзыруз»

Асҭамыр Адлеиба: «Карпаталиатәи ашьапылампыл асцәа рзы акагьы аанагаӡом Украина адисквалификациа ахьырзыруз»
19 октября 2018 17:22 1607
Аҧсадгьыл-инфо, 19 2018 ш.  

Украинатәи ашьапыламплтә федерациаҿы Карпаталиа еизгоу акомандазы ихәмаруаз ашьапылампыл асцәа рыҧсы ҭанаҵы адисквалификациа рзыруит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 19 2018 ш. Украинатәи ашьапылампылтә федерациа адисциплинартә комитет аҿы сынтәа ConIFA имҩаҧнагаз адунеи ачемпионат иалахәыз 14-ҩык Карпаталиатәи акоманда ахәмарыҩцәа рыҧсы ҭанаҵы адисквалификациа рзыруит, аанацҳауеит obozrevatel.com.

«Акоманда иазхаҵам аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ачемпионат иахьалахәыз Украинатәи ашьапылампылтә федерациеи иааизакны аҳәынҭқарра авторитети аимиджи ирҧырхагахеит. Убри азы адисциплинартә комитет иаӡбеит украинатәи ахәмарыҩцәа рыҧсы ҭанаҵы адисквалификациа рызузарц», - иҳәеит украинатәи афедерациа ахада ихаҭыҧуаҩ Вадим Костиученко.

Аҟәатәи «Динамо» апрезидент Асҭамыр Адлеиба Аҧсадгыл-инфо ари ахҭыс азы акомментари аиҭеит.

«Сгәы иаанагоит, Карпаталиатәи ашьапылампыл асцәа рзы акагьы аанагаӡом Украина адисквалификациа ахьырзыруз ҳәа. Карпаталиа еизгоу акоманда ахәмарыҩцәа Венгриатәи атәылауаҩра рымоуп, дара зегьы Венгриатәи ачемпионат аҿы ауп иахьыхәмаруа», - иҳәеит Адлеиба.

Иара иҳәоит спорти аполитикеи шеидҳәалоу.

«Ирҳәоит аспорт аполитика иалаӡам ҳәа. Уи ус иҟам. Аспорт – политикоуп, аспорт ду – политика дууп. Убри азы ауп аполитика аспорт изалалоу. ConIFA хықәкыс ирымоу аполитика аганахьала жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы ақәгылара азин змам ашьапылампыл асцәа уи аҩыза алшара рыҭара ауп. Дара ахьынтәиааз атерриториақәа азхаҵоу иазхаҵаму – уи аиҿкаара азы акагьы аанагаӡом», - иҳәеит «Динамо» апрезидент.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений