Авторизация:

Иҧсҭазаара далҵит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи Археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Валентин Ниушков

Иҧсҭазаара далҵит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи Археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Валентин Ниушков
20 июня 2022 23:04 1224
Аҧсадгьыл-инфо, 20 2022 ш.  

Иҧсҭазаара далҵит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи Археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Валентин Александр-иҧа Ниушков.

Валентин Александр-иҧа дравторын 30 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Аҵарауаҩ иҭҵаарадырратә интересқәа иреиуан: ихьшәоу антикатәи заатәи абжьарашәышықәсазтәи Аҧсны аҭоурыхи археологиеи, асоциал-економикатәи, аполитикатәи, аетнокультуратәи азҵаатәқәа ирыдҳәалоу Аҧсны аҭоурых; Антика аамҭа иатәу Аҧсны аҭоурых; асоциалтәи аполитикатәи антропологиа, археологиа, уҳәа ирыҵаркуаз ахырхарҭақәа. Валентин Александр-иҧа иҽрылаирхәхьан хыҧхьаӡара рацәала Аҧсни уи анҭыҵи имҩаҧысуаз аҭоурых, археологиа уҳәа ирыдҳәалаз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциақәеи, афорумқәеи.

В.А. Ниушков игәалашәара наунагӡа иаанхоит ҳгәаҿы! Хашҭра иқәым!

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахадареи аусуратә еилазаареи.




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений