Авторизация:

Арепатриант Низам Ҳапат: «Адəқьан арҳəра аполитика алхра аҭахым»

Арепатриант Низам Ҳапат: «Адəқьан арҳəра аполитика алхра аҭахым»
1 августа 2018 13:56 6461
Аҧсадгьыл-инфо, 1 2018 ш.  

Аҟəа ақалақь Амҳаџьыраа рыҧшаҳəаҿы иҟоу адəқьан «Через» дырҳəит иул 8 рзы. Уи ахҭыс иазкны атəыла ауаажəларра алархəны Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба аилацəажəара мҩаҧигеит.

Аҧсадгьыл-инфо, август 1 2018 ш. Адəқьан арҳəра аполитика алхра аҭахым, иҳəеит Ауаажəларратə палата алахəыла, арепатриант Низам Ҳапат.

Ҳапат иҧхьаӡаӡом, ацəгьоуцəа атəылаҿы аҭагылазаашьа арцəгьаразы, адəқьан иақəлеит ҳəа, уи атəы Абыргцəа рхеилак ахантəаҩы Аполлон Шьынқəба ишиҳəаз еиҧш. Иҟалаз, Ҳапат игəаанагарала, атəыла асоциалтə-економикатə ҭагылазаашьа иалҵшəоуп.

«Аполитика ҳаланахалеит. Аҿар рааӡара, асоциал-економикатə зҵаарақəа гəыгəҭаҳажьит. Зегь еизон, еизон, инаскьаҳгон, иҳаӡбаӡомызт, апроблемақəа зегьы уажəы ицəырҵуа иалагеит. Сгəы иаанагом, ацəгоура ҷыдала арепатриантцəа рахь ирхан ҳəа. Ацəгьоура – цəгьоуроуп, уи зегьынџьара иҟоуп, ацəгьоуҩы милаҭ имам. Есымчыбжьа ателехəаҧшра ҳахəаҧшуеит, иаҳбоит иҭаркуа, ирышьҭуа», - азгəеиҭеит Ҳапат.

Низам Ҳапат иажəақəа рыла, адəқьан арҳəра ахҭыс атəы зегьы ирылаҩит, авидеокамера иахьыҭнахыз, насгьы уи асоциалтə ҳа аҟны иахькьыҧхьыз иабзоураны, Аҧсны анҭыҵ, Ҭырқəтəыла адиаспора ираҳаит,  ргəы днархьит.

«Аргама арҳəра ҟарҵеит. Авидео ыҟамызҭгьы, уи аҟара ахцəажəара алымҵыргьы ауан. Ацəгьоура иаҳарак угəы унархьуеит, уара иузааигəо, бзиа иубо, зҟынтəи зынӡа уазыҧшым ианузиуа. Адиаспореи аҭыҧантəи атəылауааи иаҳабжьо агəыбылра уи ахааназгьы иазырбгом. Шəышықəса рнаҩс ҳаибабеит, ҳаизааигəахеит. Аҧхьаҟа аусқəа рацəаны иаҳзыҧшуп ҳ-Аҧсны аргылараҿы, аҿиараҿы. Уи аҩыза ацəажəара дуқəа шахылҿиаауа рдыруазҭгьы, ари ацəгьоура ҟарымҵаргьы ҟаларын», - агəра игоит Ҳапат.

Иара игəаанагарала, ауаажəларра аполитика иалахаланы ианыҟоу аамҭазы, аҿар гəыгəҭажьны иаанхеит.

«Аибашьра ашьҭахь 25 шықəса ҵит, аполитикоуп ҳазҿу. Убраанӡа инеит, ашьапылампыл асраҿы еиҧш, акандидатцəа афанатцəа роуит. Ҳҿар рхы иазоужьуп. Ҳаҧсуара иацəтəыму аҟазшьақəа ирызхьаҧшуа иалагеит, акриминалтə авторитетқəа дара рзы иҿырҧшыгахеит. Ҳаҧсуара ауп ирылааӡатəу аҿар. Ашколқəа рҿы иалагалатəуп амаҭəар Аҧсуара», - иҳəеит Ауаажəларратə еиҿкаара алахəыла.

Иара игəалаиршəеит, арепатриантцəа рганахьала ари ацəгьоура раҧхьатəи шакəым. 

«Хаҭала сара, абизнес снапы аналаскуаз апроблемақəа сыман. Аха исҧырхагаз иашьа гəакьа сара дсыдгылеит. Сара сашьагьы иасымҳəаӡеит уи апроблема атəы, Аҧсны аара игəы ахымшəарц азы. Ауаа зегьы еиҧшым, аӡəы ацəгьара иуит ҳəа зегьы ирнуҟьар ауама», - азгəеиҭеит Ҳапат.

Ацəгьоура амчраҿы иҟоу рхы иадырхəоит иааиуа алхрақəа раан  Ҭырқəтəыла инхо рыбжьқəа аиуразы ҳəа асоциалтə ҳа аҿы иҟоу ацəажəарақəа, Низам Ҳапат  иџьаишьеит.

«Уи ус акəҵəҟьазар, рхы ҳадырхəозар, уи ҳгəы ҳнархьуеит, - азгəеиҭеит Ҳапат. – Егьыс, араионқəа зегьы рҟынтə ауаа еизаны ацəгьоура иахьақəыӡбаз, иаҳнарбоит апату иҳақəырҵо».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений