Аҧсадгьыл-инфо, 1 2018 ш.
Шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа аҧсуа-аурыс ҳәааҿы дааныркылеит жәларбжьаратәи аҧшаара иамоу ауаҩы
Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 1 2018 ш. Белоруссиа атәылауаҩ Аҧсныҟа дцарц иҭахын, аха аҳәааҿы дааныркылеит. Иара мызқәак ҵуеит жәларбжьаратәи аҧшаара дамоуижьҭеи, ҳәа аарыцҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу ФСБ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзураҿы.
Белоруссиа иара иганахьала ашьауӷатә ус аадыртит аӷьычра астатиала. Аусҭҵаара цонаҵы ахаҵа иҽиҵәахит, нас Аҧсныҟа дцарц игәы иҭеикит.
Аҳәаахьчаҩцәа иара аполициа дрырҭеит, анаҩс Белоруссиаҟа ддәықәырҵоит.