Авторизация:

Даур Ақаҩба Facebook: смаҵзура аансыжьуеит даҽаџьара аусура сахьиасуа азы

Даур Ақаҩба Facebook: смаҵзура аансыжьуеит даҽаџьара аусура сахьиасуа азы
30 октября 2023 12:26 620
Аҧсадгьыл-инфо, 30 2023 ш.  

Даур Ақаҩба Facebook аҿы излеиҳәаз ала, имаҵура аанижьуеит даҽаџьара аусура дахьиасуа азы.

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, акультура аусзуҩцәа!

Акультура аминистр имаҵура насыгӡонаҵы исывагылаз, исыцхраауаз зегьы гәыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иахьарнахыс Акультура Аминистрраҿы смаҵура аансыжьуеит, избанзар даҽа усурак ахь сиасуеит.

Иара убас иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп лымкаала Акультура Аминистрраҟны аус сыцызуоз сколлегацәа, зегьы гәыкала аус иазнеиуан. Сара уаҟа исоуит хашҭра зқәым аԥышәа ду, аԥсҭазаара иалаҳарҵәеит аинтерес змаз апроектқәа жәпакы, имҩаԥган еиуеиԥшым афестивальқәа, иҳаман акыр зҵазкуаз аимадарақәа. Ҩы-шықәса ирылагӡаны иҟаҳҵаз маҷӡам, ҳажәҩахәырқәа еидкыланы ҳанысит азҿлымҳара зуҭаша амҩа ду. Агәра згоит, урҭ зегьы ҳаԥхьаҟа аԥсуа культура аизҳаеизыӷьара иацхраап ҳәа.

Ҩаԥхьагьы гәыкала ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа шәусураҟны, аԥсуа культура шәагымзааит!» - иҩуеит Даур Ақаҩба.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений