Авторизация:

Жәлар реизара аиҳабы: ауаа русқәа ирҟәыганы, адепутатцәа акамера аҿаҧхьа иқәгыло иаҭахӡам

Жәлар реизара аиҳабы: ауаа русқәа ирҟәыганы, адепутатцәа акамера аҿаҧхьа иқәгыло иаҭахӡам
фото: "Апсны.иахьа"
8 ноября 2018 19:24 2740
Аҧсадгьыл-инфо, 8 2018 ш.  

Жәлар реизара асессиақәа он-лаин дырбара иалагоит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 8 2018 ш. «Жәлар реизара – Апарламент аофициалтә саит азы» ақәҵара рыдыркылеит. Ари адокумент аҿы иарбоуп иаарту Жәлар реизара асессиақәа аудио-видео транслиациа асистема ашьақәыргылара, убас урҭ рархив аҧҵара, аанацҳауеит аинформациатә маҵзура «Абхазиа-Информ».

Ақәҵара апроект аилатәарахь иназгаз Баҭал Аиба иҳәеит адепутатцәа русура азы аинформациа шмаҷу.

«Абхазиа-Информ» излаанацҳауа ала, Баҭал Аиба иажәалагала иколлегацәа еиҧшны ирыдрымкылеит. Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа иҳәеит ишиашоу ицо атранслиациа ҟарҵарц азы макьана аӡәгьы ааҧхьара шыҟаимҵац, уи шаҭахым. Иара игәалашәеит 90-тәи ашықәсқәа рзы телехәаҧшрала Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет асессиақәа аныддырбоз, ақырҭуа депутатцәеи дареи анеиҿыхоз аамҭа.

«Ауаа сааҭла аекранқәа рҿы итәан, адискуссиақәа ирыхәаҧшуан. Иахьа аамҭақәа рҽырыҧсахит. Иҟоуп аоппозициа, иҟоуп урҭ раппонентцәа, уажәы адепутатцәа ауаа русқәа ирҟәыганы, акамера аҿаҧхьа иқәгыло иаҭахӡам. Изҭаххада уи?», - иҳәеит Кәарҷиа.

Адепутатцәа реиҳарак он-лаин атранслиациа иадгылеит.

«Ауаа шәразҵаа, ишәаҳап ирҳәо апарламент азы. Ирдырааит иқәгыло ирҳәо атәы», - иҳәеит адепутат Асҭамыр Аршба.

«Ателехәаҧшрала Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара аҟынтәи атранслиациақәа урылацәажәозар, усҟан даҽа аамҭан, ауаагьы даҽакала иҟан. Аамҭақәа рҽырыҧсахуеит. Ари алагала гаӡароуп ҳәа шәахәаҧшуазар, адунеи аҿы егьырҭ апарламентқәа рҿы итәоу зегьы гаӡақәоуп ҳәа сгәы иаанагом. Аоппозициа иатәуи аиҳабыра ирыдгылои ҳәа адепутатцәа ршара акәзар, урҭ ҭыҧла рҽырыҧсахыр ауеит 2019 ш. рзы. Даҽакала иаҳшап: алхыҩцәеи, урҭ иалырхызи ҳәа. Алхыҩцәа ирдырырц рыхәҭоуп иалырхыз ауаа зҿу, ишиашоу ицо аефир иуҳәои иууеи рзы иаҳагьы аҭакҧхықәра уднаҵоит», - иҳәеит адепутат Алхас Џьынџьал.

Иколлегацәа ргәаанагара даназыӡыҩры ашьҭахь Жәлар реизара аиҳабы азҵаара абжьыҭирахь иқәиргылеит. Абжьыҭира зхы алазырхәыз 24-ҩык адепутатцәа рахьынтә 19-ҩык он-лаин атранслиациа иадгылеит, ҧшьҩык мап ацәыркит, аӡәы игәаанагара еилкаам.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений