Авторизация:

Урыстәыла ахада дидикылеит Аҧсны ахада

Урыстәыла ахада дидикылеит Аҧсны ахада
24 августа 2018 16:08 1921
Аҧсадгьыл-инфо, 24 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, август 24 2018 ш. Алада Уаҧстәылеи Аҧсни рхадацәа данырҧыла ашьҭахь Владимир Путин хазы дидикылеит Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

«Аҧсны ахьыҧшымра Урыстәыла аганахьала азхаҵара жәашықәса ахыҵра еицазгәаҳҭоит. Ари ареспублика азы иҭоурыхтәу хҭысуп, Урыстәыла азгьы акраҵанакуеит», - иҳәеит Владимир Путин.

Иара иазгәеиҭеит арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа аҳәынҭқаррақәа реимадараҿы акыр аҽшаҧсахыз.

«Аҧсны ашәарҭадара азҵаара азҿлымҳара ӷәӷәа аҳҭоит, арбџьармчқәеи аҳәаахьчаҩцәеи русура аганахьала. Аус ибзианы имҩаҧысуеит.

Аҵыхәтәантәи ҳаиқәшәараҿы шәара шәызлацәажәоз аҳәаа ахысра аҟны ауаа ирызцәырҵуаз апроблемақәа, уажәы акранаҳфоз ишазгәаҳҭаз еиҧш, иаҳа имаҷхеит. Сгәыӷуеит, абиурократиатә ҟазшьа змоу аусура ҳарҽеир, уи аганахьала иҵегьы ҳшеиӷьхо», - иҳәеит Урыстәыла ахада.

Владимир Путин иазгәеиҭеит аекономика аганахьалагьы аҩ-ҳәынҭқаррак русеицура ишацло.

Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин иҭабуп ҳәа еиҳәеит ааҧхьара ахьииҭаз азы. Иазгәеиҭеит Аҧсны азхаҵарала ажәлар шәышықәсала иззыҧшыз рыгәҭакы шынаӡаз.

«Иҳәатәуп, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара иахьазы 130 еиқәшаҳаҭра рнапы шаҵаҩу. Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара, ашәарҭадаратә цәаҳәа аҟаҵара, азинхьчаратә усбарҭақәа русеицура, адәныҟатәи аполитикаҿы аимадара – абарҭ азҵаарақәа рыҵаркуеит арҭ аиқәшаҳаҭрақәа.

Хымҧада, иазгәаҭатәуп аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳҩиижьҭеи арҭ азҵаарқаәа рганахьала аимадара зынӡаск аҽсаҧсахыз, исҭахын иҵегьы аусура ырццакызар. Иахьатәи ҳаиҧылараҿы арҭ азҵаарақәа ҧыҭк ӡбахап ҳәа агәыӷра сымоуп», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений