Авторизация:

Украина аҭагылазаашьа аицәахаразы азҵаара иахәаҧшуеит Аҳәынҭқарратә Думаҿы

Украина аҭагылазаашьа аицәахаразы азҵаара иахәаҧшуеит Аҳәынҭқарратә Думаҿы
18 октября 2018 01:45 1282
Аҧсадгьыл-инфо, 18 2018 ш.  

Октиабр 18 рзы иҟаларан иҟоу апленартә еилатәарахьы ицәырыргоит Украина аҭагылазаашьа аицәахаразы аҳәамҭа апроект

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 18 2018 ш. Ателеканал RTVI иаанацҳауеит аҳәамҭа апроект аҿы Украина террористтә ҳәынҭқарроуп ҳәа ишахәаҧшуа, агәрагьы ддыргоит Киев «иахәҭоу аҭак» шаиоуа азы.

Донбасс ажәылара иалагар, уи ахҟьа-ҧҟьақәа Украина акатастрофа ахь икылнагар ауеит.

«Аҭагылазаашьа ахықә аҟны ианнеи, Урыстәыла иазханаҵоит ЛНРи ДНРи, 2008 ш. рзы Аҧсни Алада Уаҧстәылеи шазханаҵаз еиҧш», - иҳәеит RTVI аинтервиу азҭаз СНГ аҳәынҭқаррақәа рзы Адума акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Константин Затулин.

Ас еиҧш аҳәамҭақәа ҟарҵарц азы мзызс иҟалеит ДНР ахада Александр Захарченко иҭархара, аурыс бызшәа ахархәара арҧсыҽразы Украинатәи Рада ахь инарышьҭз азакәан апроектқәа, убасгьы Константинопольтәи апатриарх Украинатәи ауахәама автокефалиа ахьеиҭаз азҵаара.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений