Авторизация:

Беслан Ешба: уаҵәы иацы еиҧшымхароуп

Беслан Ешба: уаҵәы иацы еиҧшымхароуп
16 декабря 2018 15:24 2764
Аҧсадгьыл-инфо, 16 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, декабр 16 2018 ш. «Аекономикатә патриотизм». Абас ахьӡуп Беслан Ешба Аҧсны иҟоу аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьеи, аҳәынҭқарратә системеи ртәы дахьазааҭгыло астатиа.

Аиҳабыра рахь иҟоу агәынамӡара, аоппозициа рхымҩаҧгашьа анацла ауаажәларра иаҳагьы аиҟәыҭхара ахь икылнагеит», - иҳәоит Беслан Ешба.

Иара игәаанагарала, Аҧсны амчра иаҭах ақәыӷәӷәара ала акәымкәа, ианаамҭоу аҽаҧсахроуп.

Иара 2019 ш. рзы аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа раан, уажәтәи ахадеи аоппозициа ахаҭарнаки шықәгыло шеилкааугьы, макьана еилкааӡам иаиаауа ҳәа игәы иаанагоит.

«Агәры сызгом зхы ықәзыргыларан иҟоу акандидатцәа реиҳарак аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа шеилыркаауа. Еиҳаракгьы аекономика аганахьала», - аҳәоит астатиаҿы.

Аҧсны акекономикатә ҭышәынтәалара аиоурц азы аҧхьаҟатәи апрезидент идикылар акуу аусқәа ртәы арбану ҳәа Аҧсадгьыл-инфо акорреспондент изҵаара Беслан Ешба абас аҭак ҟаиҵеит:
«Аҧхьаҟа Аҧсны иахагылоу, хымҧада, иҧсадгьыл дапатриотзар ауп. Икомандахь иааиҧхьар ауп апрофессионалцәа, урҭ аоппозициа иатәума, аиҳабыра рҿы аус руама. Раҧхьа иргылатәуп руаҩратә ҟазшьақәа. Ус еиҧш иҟоу ауаа ҳамоуп. Аха дарбану урҭ рпрофессионализми, руаҩреи ахә ақәызҵо? Аус зцыруада дара?

Иуҳәар ауам иахьатәи аиҳабыра акагьы ҟарҵом, мамзаргьы иҟарҵо зегьы бааҧсуп ҳәа. Уи иашам. Саргьы уи акоманда аус рыцызуан. Аус руеит уагьы ҽынгьы… Иҟарҵоит ирылшо, уи иацҵангьы. Иахьагьы сара сзацәажәо рацәаҩуп, издыруеит аҭагылазаашьа аҩныҵҟала. Аха, рыцҳарас иҟалаз, иахьатәи аекономика амодель аҿы иҟоу аҽазышәарақәа зегьы аҧсҭазаара аиӷьтәра иахәом».

Беслан Ешба игәы иаанагоит аҳәынҭқарра ахагылара зҭаху ауаа аҧышәа рымазар ауп ҳәа.

«Аҳәынҭқарра ахагылараз амбициақәа змоу ауаа ирымазароуп аҧышәагьы. Ирҳәароуп дара аҧсҭазаараҿы ирылшаз атәы. Аус абаруаз, ирдыруеи? Шаҟа усутә ҭыҧ еиҿыркаахьои? Шаҟа ашәахтәқәа ршәахьои? Аҧсны азы конкретла иҟарҵарц ирылшои? Арҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵара уадаҩым, аха џьоукы уи аргәаар ауеит. Аха агәаара акәым аус злоу. Иахьа ҳҳәынҭқарра аекономикатә хьӡара аиоурц азы иҟаҵатәу иалацәажәатәуп. Иахьазы уи азҵаара уаҵәтәи амш азы ихадоуп, уаҵәы иацы еиҧшымхароуп», - азгәеиҭеит Беслан Ешба.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений