Авторизация:

Беслан Ешба: «Аҳәынҭқарратә панлакқәа ацхыраарара рыҭара амҭа ааит».

Беслан Ешба: «Аҳәынҭқарратә панлакқәа ацхыраарара рыҭара амҭа ааит».
25 августа 2018 17:06 3466
Аҧсадгьыл-инфо, 25 2018 ш.  

Беслан Ешба далахәын Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара 10 шықәса ахыҵра иазкыз аекономика аминистрраҿы имҩаҧгаз астол гьежьы.

Ԥаса аҧыза-аминистр ихаҭыҧуаҩыс иҟаз Беслан Ешба игәалаиршәеит ҳреспублика азхаҵара анаиоу ашьҭахь Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа шышьақәгылоз, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны урҭ рыҽшеиҭаркуаз.


«2008 шықәса рзы азхаҵара анҳау ашьҭахь Урыстәылеи Аҧсни «Аиҩызареи, аусуеицуреи, аицхыраареи» рзы ихадарахаз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Уи алагьы ҳара ҳшәарҭадара алыршахеит, ауаа ирбеит уашьҭа имшәо-имырҳауа, ҭынч аҧсҭазаара рнапы адыркыр шрылшо», - иҳәеит Беслан Ешба.

Иара иазгәеиҭеит иахьазы аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара 130 еиқәшаҳаҭра рнапы шаҵаҩу. Дазааҭгылеит август 2008 шықәса раахыс Урыстәыла Аҧсны афинанстә цхыраара иазаанашьҭуа атәы. 

«Аҧсны азхаҵара ашьҭахь даара ихадан асоциал-економикатә ҿиаразҿы Аҧсны ацхрааразы ишьақәдыргылаз акомплекстә план. Аҧхьа уи 2010-2012 шш. амҽханакит, аха уаанӡагьы, аҧсуа ган иҟарҵоз аҳәарала, ацхыраара аауан. Аҧхьатәи акомплекстә план иарбан 11,5 млрд мааҭ, нас уи зны иацлон, зны иагхон, ҳара аус шаҳуаз еиҧш.

Урыстәылантәи иаауаз ари ацхыраара асоциалтәи аинфраструктуратәи хырхарҭақәа рҿы иҟаз апроблемақәа рыӡбараҿы даара иҳахәеит. 2015-2017 шықәсқәарзтәи афинанстә цхыраараҿы раҧхьаӡа акәны иарбан иара аинвестпрограмма аҟны иарбаз апроектқәа рынагӡараҿы афинанстә цхыраара рыҭара», - иҳәеит Беслан Ешба.

2010 ш. рзы Беслан Ешба Кремль Дмитри Медведеви Сергеи Багаҧшьи реиҧылараан Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵаҩра имҩаҧгаз далахәын. Усҟан рнапы аҵарҩит 10-еиқәшаҳаҭра, уаҟа абанкқәа рыбжьара аусеицурагьы арбан. 


«Урыстәыла ахада Дмитри Медведев усҟан иҳәеит акыр зҵазкуаз ажәақәа - аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа абизнес знапы алаку ауаа ҿырҧшыс ишыргаша. Ҳара аус еицаҳуеит, шәаргьы убас ҧхьаҟа шәцалар ауп ҳәа аанагон. Аҧхьазы ус егьыҟалеит – 2010, 2011, 2012 шықәсқәа рзы, аха нас, маҷ-маҷ абизнес аҿы аусеицура аҽаннакыло иалагеит, аҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа ракәзар, ҧхьаҟа ицон, ацифрақәа еиҳахон», - ҳәа азгәеиҭеит Беслан Ешба иқәгылараҿы.

Аҵыхәтаны иара иҳәеит иахьазы аҳәынҭқарратә наплакқәа ацхыраара рыҭара шаҭаху.

«Аҳәанырцәынтәи иааҳго атауарқәа ара аҭыжьра зылшо аҳәынҭқарратә панлакқәа ацхыраарара рыҭара аамҭа ааит. Ҳара иаадыруеит ҳекономика аҳәаанырцәынтәи иааҳго шаҟа иадҳәалоу. Урыстәылантәи аинвесторцәа Аҧсны радҧхьалара уадаҩзар, аҳәынҭқарратә наплакқәа афинанстә цхыраара рыҭара азҵаара иалацәажәатәуп. Уи ҳекономика акыр иахәап ҳәа сгәы иаанагоит», - иҳәеит Беслан Ешба.




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений