Авторизация:

Аҿар ртеатр адиректор: «100 нызқь мааҭ мызкы ҳақәшаҳаҭхеит»

Аҿар ртеатр адиректор: «100 нызқь мааҭ мызкы ҳақәшаҳаҭхеит»
20 ноября 2018 21:38 2014
Аҧсадгьыл-инфо, 20 2018 ш.  

Ҩ-театрк ирылшеит аспектакльқәа анықәдыргыло амш алхреи, арендатә хәыҧса ашьақәаргылареи

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 20 2018 ш. Аҳәынҭқарратә аҧсуа драматә театри Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатри анықәгыло амшқәа рзы аиқәшаҳаҭра иазнеит.

Адраматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба Аҧсадгьыл-инфо акорреспондент даниҿцәажәоз иҳәеит аграфик адраматә театр атруппа иалоу ауадаҩрақәа шырзаанагогьы, иҟоу аҭагылазаашьа еилкааны, уи ишақәшаҳаҭхаз.

«Акомпромисстә шьаҿақәа рылацәажәара адраматә театр актиорцәа рҿы иацҵан. Уаанӡа ишаҳҳәахьаз еиҧш, ҳара апремиера аныҟало 10-мш раҳҭоит аҽазыҟаҵаразы, анаҩс мызкахьы ҩ-шәахьаки, ҩ-хашаки. Апроблема ӡбоуп, аҷкәынцәа аҩныҟа ицеит», - иҳәеит Нодар Ҷанба.

Аҿар ртеатр адиректор Аслан Еныкь дара акомпромисстә вариант ишақәшаҳаҭу иҳәеит.

«Уажәшьҭарнахыс Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр ҩ-шәахьаки, ҩ-хашаки ҳарҭоит, 10-мш апремиера ҟалаанӡа аҽазыҟаҵара, анаҩс адраматә театр аҧсшьара ианцо азы мызкы арепетициақәа рыҟаҵара азин ҳамоуп. Аиқәшаҳаҭрақәа документла ишьҭаҳхуеит. Уаҵәы урҭ ҳнапы рыҵаҳаҩуеит», - иҳәеит Аслан Еныкь.

Иара иажәақәа рыла, убас дара адраматә театр аҿы рыҟазааразы арендатә хәыҧса иршәараны иҟоу еилкаауп.

«100 нызқь мааҭ мызкы ҳәа иаҳарбеит. Аҳәынҭқарра уи иақәшаҳаҭхеит, уи азы даара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит», - иҳәеит аҿар ртеатр адиректор.

Иара ишьақәирӷәӷәеит акциа шхыркәшахаз.

Абасала, уажәтәи атеатралтә конфликт хыркәшоуп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений