Авторизация:

Акультура аминистрра Анри Ферзба ииубилеи идырныҳәалеит

Акультура аминистрра Анри Ферзба ииубилеи идырныҳәалеит
11 февраля 2024 13:47 395
Апсадгьыл-инфо, 11 февраля 2024 г.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра Анри Ферзба ииубилеи идырныҳәалеит.

Аҧсны жәлар рартист Анри Ферзба февраль 11 рзы 70 шықәса ихыҵит.

«Ҳаҭыр зқәу Анри Џьоџьа-иԥа!
Аԥсны Жәлар рартист, ахореограф, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа арҵаҩы, ашәаҳәаҩ, ирацәоуп шәџьабаа аԥсуа культура аҿиараҿы. Ашәаҳәареи акәашареи бзиа избоз аҭаацәара ду шәааӡеит.
Уамашәа ибатәым шәыԥсҭазаара аҟазара иахьазышәкыз. Уажәы аҟазарахь ишәымоу абзиабара аҿаргьы ирылашәааӡоит.
Шәиубилеи аҽны ишәзеиӷьаҳшьар ҳҭахуп агәабзиара, ашықәснҵыра рацәа. Шьардаамҭа шәҳагымзааит!» - аҳәоит адныҳәалараҿы.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений