Авторизация:

25 ш. раахыс раҧхьаӡа акәны ашьапылампыл азы ачемпионат аанкылахар ауеит

25 ш. раахыс раҧхьаӡа акәны ашьапылампыл азы ачемпионат аанкылахар ауеит
17 июля 2018 18:01 4074
Аҧсадгьыл-инфо, 17 2018 ш.  Абри атәы аанацҳауеит Аҟәатәи ашьапылампылтә клуб «Нарҭ» Феисбук иҟоу адаҟьаҿы.

Аҧсадгьыл-инфо, иул 17 2018 ш. Мызкы ашьҭахь иалагаран иҟоу аиубилеитә, 25-тәи ашьапылампылтә сезон аанкылахар ауеит. Ашьапылампылтә федерациа имҩаҧнагаз аҵыхәтәантәи аизараҿы акомандақәа рхаҭарнакцәа ҧшьҩык роуп иалахәыз.

«2018 ш. рзы Аҧсны ачемпионат иалахәыз 7-командак рыбжьара ҩба – Афонтәи «Афон», очамчыратәи «Ерцахә» – ачемпионат аҿы рықәгылара зҵаараны иаанхоит. Афинанстә проблемақәа амоуп Ашьапылампылтә федерациагьы. Аклубқәагьы ашьапылампыл асцәа руалафахәы рзырымшәаӡац. Аҧсны аиҳабыра аклубқәа афинанстә цхыраара рыҭара азҵаара рмыӡбар, раҧхьаӡа акәны Аҧсны ачемпионат аанкылахоит», – ҳәа аҳәоит акоманда адаҟьаҿы.

Иазгәаҭоуп ахәыҷтәы шьапылампыл аҿгьы апроблемақәа шыҟоу.

«Нарҭ» ахаҭарнакцәа иргәаладыршәеит ConIFA адунеи ачемпионат Аҧсны акоманда анааиааз, Денис Царгәыш, егьырҭ аспортсменцәа анаиааиуаз Аҧсны ишгәырӷьоз. Ирҳәоит Аҧсны ахақәиҭра аиоуразы зыҧсы ахҭнызҵаз ҳхамышҭлар шаку, иаҳаракгьы аибашьра аветеранцәа рыҩныҵҟа.

«Ашьапылампыл акыр аҧара рацәаны изҭаху спорт хкуп ҳәа иҧхьаӡоуп, аха Аҧсны уи ацхыраара аҭара ачынуаа, мамзаргьы аиҳабыра ирзааигәоу аусдкылаҩцәа зықәтәоу амашьынақәа рыхә еиҳаны иартәом. Аҧара змоу ауаа аказиноқәа рҿы инырхуа аҧара аспорт аҿиарахьы ишьҭызҭгьы, ҳара ҳаҧхамшьартә ҳҟалон Аҧсны зхы ақәызҵаз рҿаҧхьа», - ҳәа аҳәоит «Нарҭ» адаҟьаҿы.

Иахьа Ашьапылмпылтә клуб «Нарҭ» еиҿкаауижьҭеи 21 шықәса ҵит. Акоманда асаит иаиҭаз аинтервиу аҿы аклуб апрезидент Геннади Ҵнариа иҳәеит ари ашықәсқәа зегьы рыҩныҵҟа акоманда ақәгылара алзыршаз аспонсорцәа шраку. Убас ацхыраара хәыҷык аҳәынқарра аҟынтәи ироуан.

Асправка: Ашьапыампыл азы Аҧсны ачемпионат мҩаҧысуеит 1994 ш. раахыс. Раҧхьатәи ачемпионат 15 команда алахәын.

2015 ш. рзгьы аҧара ахьрымамыз азы Аҧсны ачемпионат аанкылара азҵаара ықәгылан. Усҟан Афедерациа апрезидент иҳәеит: «Ҳара аинстанциақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵеит, аха аӡәгьы даҳхамыҵгылеит. Аспорт ҳазныҟәымгозар, иныҟәаҳгоу арбану? Сара сгәы ҧҵәеит ауаа рыҳәара».
Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений