Авторизация:

Ашьапылампылтә конкурс иаиааиз: «Агәра згон иаиааиуаз рхыҧхьаӡараҿ сшыҟалоз»

Ашьапылампылтә конкурс иаиааиз: «Агәра згон иаиааиуаз рхыҧхьаӡараҿ сшыҟалоз»
23 июля 2018 17:27 3532
Аҧсадгьыл-инфо, 23 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, 23 июля 2018 г.  Урыстәыла имҩаҧгаз ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат алҵшәақәа ақәзыршәо ҳәа Ашьапылампылтә федерациа имҩаҧнагоз аконкурс аҿы аиааира игеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа. Иара иоуит 611 очко. Аҩбатәи аҭыҧ ааникылеит 550 очко зауз Игор иҧа Даниель, ахҧатәи аҭыҧ ланашьан аиурист, ААЕ «Аҧсадгьыл» ахаҭарнак Саида Еныкь.

Иахьа Ашьапылампылтә федерациаҿы аиааира згаз ирыдырныҳәалон, ирырҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәеи аҧаратә ҳамҭақәеи.

«Аиааира сақәгәыӷуамызт, аха аҧхьахә ҭыҧқәа згоз рхыҧхьаӡараҿ сшыҟалоз агәра згон», – иҳәеит Игор Џьапуа.

Иара ус ихы дақәгәыӷуа дҟазҵо ашьапылампыл дахьазҿлымҳау ауп. Иажәақәа рыла, ибжьаижьӡом акрызҵазкуа ахәмаррақәеи атурнирқәеи. Ихаҭа Испаниатәи акоманда дадгылан, аха урҭ сынтәа ирықәымҿиеит.

Игор иҧа Даниель Саида Еныкь леиҧш Франциа акоманда аиааиует ҳәа иҧхьаӡон.

«Сара Франциа еизгоу акоманда садгылоуп, срыхәаҧшуан адунеи ачемпионат ахь анеираз имҩаҧыргоз ахәмаррақәа реиҧш аиҩызаратә еиҧыларақәагьы. Убри азы агәра згон афранцызцәа шаиааиуаз», – лҳәеит Саида Еныкь.

Адунеи ачемпионат аплеи-офф аҿы имҩаҧган даҽа конкурскгьы. Уаҟа иаиааиз ҳәа ҩыџьа рыхьӡ ҳәан – Вахтанг Наҷҟьебиеи Баҭал Харчлааи.

Аконкурс иалахәыз аочкоқәа роуан хәмарра цыҧхьаӡа ишынҵәо рдыруазҭгьы, мамзаргьы иаиааиуа акоманда ахьӡ рҳәар. Убас аочкоқәа рхырыҧхьаӡалон агәыҧқәа рҿы акомандақәа иргоз аҭыҧқәа ақәдыршәар. Зегь реиҳа – 100 очкок – роуит ачемпионат иаиааиуаз ақәзыршәаз ашьапылампыл абзиабаҩцәеи, иреиӷьу ахәмарҩи зегь реиҳа ампыл ҭазыршәызи ақәзыршәаз.

Ашьапылампылтә федерациа ахаҭарнак Денис Харчлаа иҳәеит ари аконкурс амҩаҧгара дара ашьапылампыл абзиабаҩцәа шраку изыбзоуроу. Дара иарҳәон конкурск рыларҳәар ачемпионат ахәмаррақәа рыхәаҧшра иаҳа аинтерес шрыҵалоз.

Денис Харчлаа иазгәеиҭеит аҧхьаҟагьы ас еиҧш иҟоу аконкурсқәа рымҩаҧыргара иацырҵарц ргәы ишҭоу.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
0
Amra Amichba
Поздравляю, Саида! Ты настоящий футбольный фанат!)) Пусть этот кубок будет первым в череде многих и многих твоих побед!  
Имя Цитировать 0
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений